Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Қәҭарба Ҳаири Ҳаиаҭи-иҧа



Қәҭарба Ҳаири Ҳаиаҭи-иҧа (Ҳаири Ерсои) (10.04.1959, Ҭырқәтәыла, Диузџье, Акчокоџьа араион Есма-Ҳаным ақыҭа) - Ҭырқәтәылатәи аҧсуаа дреиуаны зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз шәҟәыҩҩуп, ҭоурыхдырҩуп, еиҭагаҩуп, публициступ. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2007). Аҧсшәа даараӡа ибзианы идыруеит, ихатәы бызшәала даҧхьоит, дыҩуеит, асахьаркыратә ҩымҭақәа аҧиҵоит ҭырқәшәала.

1966 ш. иқыҭа гәакьаҿы алагарҭатә школ дҭалеит, анаҩс Диузџьеҟа диасит, уа абжьаратә школ далгеит (1975). 1976 ш. дҭалеит Анкаратәи амедицинатә институт (Ҳаџьеҧ-ҭеҧе), аха хара имгакәа, 1978 ш. Сҭампылтәи ауниверситет анџьныр-ргыларатә факультет дҭалоит.

Аҧсныҟа даныхынҳә аус иуан ателехәаҧшратә канал «Абаза ТВ» аҟны, аҧсышәала имҩаҧигон ателедырраҭарақәа рцикл «Ҳара ҳдиаспора».

Ҳ. Қәҭарба данхәыҷыз инаркны афольклор дазҿлымҳан, убасҟан жәлар рҿаҧыц рҿиамҭақәа рышьаҭала ажәабжь кьаҿқәеи алакәқәеи иҩуа далагеит. Дышнеи-шнеиуаз истатиақәеи иажәабжьқәеи икьыҧхьуан Кавказаа рхылҵшьҭрақәа иртәыз апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟны. («Нхыҵ Кавказ» уҳәа егьырҭгьы); аҧсуа-адыгеи кавказ егьырҭ ажәларқәеи рҭоурых иазкны аҭоурыхтә усумҭақәа ҭижьуан (иаагозар, «Ачарқьесқәа рҭоурых», Сҭампыл, 1992; еицырҩит Аисун Қамаџьи иареи).

Ҳ. Қәҭарба Ҭырқәтәылан ауасхыр шьҭеиҵеит ажурнал «Алашара». 1990 ш. иҩызцәа ицырхырааны еиҿикааит ашәҟәҭыжьырҭа «Нарҭ», уа иҭрыжьуан аҧсуа-адыга жәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рлитературеи ирызкыз аҭҵаамҭақәа, ашьхаруа диаспора ахаҭарнакцәа рсахьаркыратә ҩымҭақәа. Урҭ иреиуоуп: С. Е. Берзеџь ишәҟәы «Ҭырқәтәыла ахақәиҭратә еибашьраҿы ачерқьес хҵәацәа», Иашар Бага (Ҳаҭҟо) иажәеинраалақәа реизга «Аччаҧшь», М. Кандур ироман «Кавказ. 1-тәи атом. Ачечен аҳәақәа», Оздемир Озбаи ишәҟәы «Кавказаа» рхылҵшьҭра еиуоу Анатолиатәи иажәабжьқәа», Шевалие Теитбоут де Марини «Амҩантәи ианҵамҭақәа» аҭырқәшәахь аиҭага уҳәа егьырҭгьы. Араҟа Ҳ. Қәҭарба еиқәиршәеит егьҭижьит ашәҟәы «Ачерқьесқәа рбызшәа, рлитература, рҭоурых». Иҭижьит иара убас ихаҭа аҭырқәшәахь еиҭеигаз Б. Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах», Гь. Амҷба ишәҟәы «Абжьарашәышықәсақәа раантәи аҧсуааи алазқәеи», И. Аргәын ишәҟәы «Аҧсуаа рыҧсҭазаареи рыбзазареи» (еицеиҭаргеит Иалчын Карадашьи иареи). Зынӡа 44 шәҟәы ҭижьит. Аха 1991 ш. аҭыжьырҭа «Нарҭ» адыркит. Ҩышықәса рышьҭахь Иунал Џьуџьуи иареи ҩаҧхьа иаадыртит аҭыжьырҭа «Нарҭ». 1998 ш. аҭыжьра хациркит ажурнал «Алашара» (зынӡа 13 номер ҭыҵит).

1990-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны Ҳ. Қәҭарба еиҳа дазхьаҧшуа далагеит алитературатә рҿиара. Аинтернет иҭагалоу аиҿцәажәарақәа руак (апрель, 2007ш.) аҿы апроза иаҵанакуа аепикатә жанр иазхьаҧшра иазкны иазгәеиҭеит: «Аҧхьаӡа иргыланы сара сышәҟәыҩҩхап ҳәа сашьҭамызт… Аҧхьа изҩыз сышәҟәқәа аҭоурых иазкын. Урҭ рҟны сҽазысшәон ҳкультура ахҭысқәеи афакҭқәеи рышьақәыргылара, ҳкультура аҧшӡареи абеиареи аарҧшра. Аха аҭоурыхтә усумҭақәа инарҭбааны изрылаҵәом. Убри аҟнытә, сышнеи-шнеиуаз аҭоурыхтә роман ажанр сазкылсит. Ҩ-романк ҭсыжьхьеит, даҽа ҩба аҭыжьра иазсырхиоит. Тема хадас ирымоу – адыгааи аҧсуааи рхырҵәара ауп». (www.natpress.ru/idex.php?newsid=2653). Абраҟа ашәҟәыҩҩы игәаанагара иҳәеит Ҭырқәтәылан ижәлари ихатәы бызшәеи рлахьынҵа иазкны: «Уаҩык иаҳасабала сара сгәы иҵымхар ауамызт, Ҭырқәтәылан инхо сџьынџьуаа ассимилиациа иахьамҽханакуа, рхатәы бызшәеи ркультуреи ахьырцәыӡуа. Иубарҭан Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарратә идеологиа уи ишацхраауаз, иара убас аҭоурых еицазкуа, аиаша аҳәара аҧшьызго иаазмырбуа аполитикатә системагьы». Уи иажәақәа рыла, абызшәа ацәыӡра амилаҭ хдырра ацәыӡра ашҟа икылнагар ауеит.

Ҳ. Қәҭарба машәыршақә акәым аҭоурыхтә проза дзазхьаҧшыз, Кавказтәи аибашьра иахҟьаны хх ашә. ҳажәлар рҭоурых аҟны аҭыҧ змаз атрагедиатә хҭысқәа рпроблемақәа рыла. Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟны иҟоу егьырҭ ашьхарыуа диаспорақәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы реиҧш еиликаауан, атрагедиа ахыҵхырҭақәа хх ашә. ашҟа ушиарго, насгьы ашәҟәыҩҩы уаанӡа инапы злакыз аҭҵааратәи аиҭагаратәи усура акырӡа ицхрааит аҭоурыхтә ҩымҭақәа раҧҵараан. Араҟа иазгәаҭазар ауеит Б. Шьынқәба, иара убас адиаспора иаҵанакуа егьырҭ ачерқьес шәҟәыҩҩцәа Кавказтәи аибашьра иазкны иаҧырҵахьаз аҩымҭақәа.

2005 ш. рзы иҭыҵит раҧхьатәи ироман «Ахырҵәара», 2006 ш. – аҩбатәи ашәҟәы. Ароман аҧхьатәи ахәҭа аҧсшәахь еиҭеигеит Оқҭаи Ҷкотуа (зыҧсадгьыл аҟны инхо Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ахаҭарнак), егькьыҧхьын 2009 ш. ажурнал «Алашара» аҟны, ҩ-хәҭак аманы хазы шәҟәны иҭыжьын 2011 ш. Аҧсныҳәыншәҟәҭыжьырҭа аҟны. Ароман аҟны автор иааирҧуеит XIX ашә. Кавказтәи аибашьра иахҟьаны Ҭырқәтәылаҟа иахгаз аҧсуаа ртрагедиа, атәым жәҩан аҵаҟа рыҧсҭазаашьа, ианыҧшуеит аҧсуаа рыбзазара, рҵас-рқьабз, ртрагедиа. Аҩымҭаҿы раҧхьаӡа акәны ахҭысқәа аарҧшуп Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ахаҭарнак иблала.