Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҭар-ҧҳа Нелли Золотинск-иҧҳа



Ҭар-ԥҳа Нелли Золотинск-иҧҳа (20.11.1934, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Дәырҧшь ақыҭа – 29.01.2014, Аҟәа ақалақь) – аҧсуа поет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы. Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы. Аҧсни Қырҭтәылеи рҟны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (2004; ароман «Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ» азы). СССР-и (1957) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1999). Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара лҵон Дәырҧшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа сектор далгеит (1959). Аус луан ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс (1961), аредактор еиҳабыс (1968), адиректор ихаҭыҧуаҩс (1988). Ашьҭахь – Асоветтә хәыҷтәы фонд (Аҧсны ахәыҷтәы фонд ҳәа ишьақәгылаз) Аҧснытәи аҟәша деиҳабын.

Раҧхьатәи лажәеинраалақәа хҧа кьыҧхьын «Альманах» (№4) аҟны 1952 шықәсазы. Лырҿиамҭақәа (Аочеркқәа убрахь иналаҵаны) рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Абаза», «Черкесскии мир», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва); «Антология абхазской поэзии» (М., 1958); «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009); аизга «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа .Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи» (Аҟәа-Сухум, 1995); аочеркқәа реизга «Аамҭеи ауааи» еиуеиҧшым аҭыжьымҭақәа; ашәҟәы «Сухумские мотивы. (2500-летию Сухума посвящается) (М., 2005) уҳәа егьырҭгьы.

Н. Ҭарба 30 инареиҳаны апоетикатәи, апрозатәи, апублицистикатәи ҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа дравторуп.

Лпиеса «Амра аҧҳа» акәзар, К. Шь. Ломиа ипоема «Амра аҧҳа» амотивқәа рыла иҩуп. 1978 ш. иқәыргылан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Араҟа иқәыргылан аҩбатәи лпиеса «Ашәа аҧҵара мариам».

Н. Ҭарба лырҿиамҭақәа жәпакы еиҭагоуп аурыс, аукраин, аҟабарда, ақырҭуа уҳәа абызшәақәа рахь.

Аҧсшәахь еиҭалгеит А. де Сент-Екзиупери иҩымҭа «Апринц хәыҷы», Лесиа Украинка – «Абна лакә», И. Фучик - адокументтә-сахьаркыратә шәҟәы «Ашьацҳәа зыхәда иахаршәу ирепортаж» уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Бзиа избоит амҩа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1955; Ааҧынра агәы. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1958; Бзыҧтәи аповест. Аповест. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1961; Ақәыҧшреи агәҭыхеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1964; Маҵиса. Аҧсымра ашәа аҧҵара мариам. Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Апиеса. Аҟәа, 1967; Ҭаҭрашь-Гьаргьалашь. Ахәыҷтәы поема. Аҟәа, 1968; Аҧа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1969; Аразҟы шкәакәа. Алирикатә етиудқәа, аповест, апиеса. Аҟәа, 1971; Аимак џьашьахәы. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1973; Аҽыхәа иаҵәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974; Хаҭажәыҟәеи Саҭажәыҟәеи рлакә. Апоема. Аҟәа, 1976; Сабацәа рашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1978; Мышәи-Шьапажәи анбанқәа рыхҭыси, арҧыс хәыҷы Хәажәарҧыси. Апоема ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1979; Ашьыжь шана. Ажәеинраалақәеи апиесеи. Аҟәа, 1980; Ажәеинраала ҿыцқәа. Ани аҧеи. Амҧсреи. Апоема. Аҟәа, 1983; Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Алирикатә поемақәа. Аҟәа, 1983; Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Алирикатә поемақәа. Аҟәа, 1984; Уҷкәыннаҵ. Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Адрама. Аҟәа, 1985; Ақәра: Апартиазы ашәа (Акантата), Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1987;  Ихәу ашәҟәы. Ажәеинраалақәа. Аибашьраанӡатәиқәа – аибашьрашьҭахьтәиқәа. Уи ашьҭахьтәиқәа иахьатәиқәа. Апоемақәа. Аессеқәа. Аҟәа, 2000; Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ. Ароман-дилогиа. Абацәа рыдгьыл. Актәи ашәҟәы. Аҟәа, 2002; Аҩымҭақәа. 4-томкны. Аҟәа, 2006-2010; Алакәтәыла. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2011; аурысшәахь аиҭагақәа: Сердце весны. М., 1961; Капля  в море. Книга стихов. М., 1968; Солнце мертвых. Повести. М., 1983. (Переиздание – Сухуми, 1989); Белый конь. Стихи. М., 1984; Волшебное утро. Стихи. М., 1988; аҟабарда бызшәахь аиҭага: Адгьыл агәы. Ажәеинраалақәа. Нальчик, 1991.