Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҭаркьыл Сарион Хыгә-иҧа



Ҭаркьыл Сарион Хыгә-иҧа (15.10.1936, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Дәырҧшь ақыҭа – 26.05.2005, Аҧсны, Аҟәа) – аҧсуа поет. СССР-и (1973) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

1944 ш. дҭалеит Дәырҧшьтәи абжьаратәи ашкол, аха рацәак мырҵыкәа аҧсуа школқәа ақырҭуа бызшәа ашҟа ииаргеит. Иҩызцәа гәыҧҩыки иареи рҵара иацырҵеит Гәдоуҭатәи абжьаратәи аурыс школ аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1961), иара убас аҵара иҵон А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт (латәарадатәи аҟәша) аҟны, иреиҳау аҵараиурҭа дагьалгеит, 1972 шықәсазы.

1961 ш. инаркны рҵаҩыс аус иуан Дәырҧшьтәи ашкол хәылҧазтәи аҟәша аҟны. 1967 ш. нахыс усура диасуеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциахь корреспондентс, ашьҭахь – еиҭагаҩыс, аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс. 1979 ш. инаркны ажурнал «Аҧсны аҟазара» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1985 ш. диасуеит ажурнал «Алашара» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс. 1989 ш. ажурнал «Амцабз» аредактор хадас дарҭоит. 2004 ш. акәзар, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс далырхуеит.

С. Ҭаркьыл иажәеинраалақәа ркьыҧхьуан ажурнал «Алашара» аҟны 1955 ш. инаркны. Иҩымҭақәа рнылон иара убас ажурнал «Амцабз», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советкая Абхазия», «Еҵәаџьаа» уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009); аизга «Ахаҵарашәа». Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. (Аҟәа – Сухум, 1995).

Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭижьит.

Аҧсуа бызшәахь еиҭеигеит А. Ахматова, В. Хлебникова, К. Бальмонт, Н. Клиуев уҳәа ражәеинраалақәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ақыҭантә саауеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1965; Ицеит апҟақәа хыланы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969; Аиҧылара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974; Иахьатәи амш. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1979; Агәаартра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983; Ацәыкәбарқәа рашәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Азҳара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986; Ажәаҳәара. Ажәеинраалақәеи апоемеи. 2002; Ахҭыс шанақәа. Ахәыҷқәа рзы ашәҟәы. Аҟәа, 2004; Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2010.