Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҳаџьымба Инна Иури-иҧҳа



Ҳаџьымба Инна Иури-иҧҳа (30.01.1965, Аҧсны, Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭа) – аҧсуа поет, ажурналист, апублицист. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2003).   Дыҩуеит аҧсышәала.

1982 ш. Арасаӡыхьтәи абжьаратәи ашкол даналга дҭалеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет, аха 1985 ш. диасуеит М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ахь. Лҵара хлыркәшеит 1990 шықәсазы. Аусура далагеит Аҧснытәи аҳәынҭтелерадиоеилахәыра акорреспондентс (1994).

И. Ҳаџьымба лажәеинраалақәа рнылоит ажурналқәа «Амцабз», «Алашара», агазеҭ «Аамҭа»  уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Мрашара. Ажәеинраалақәа. Аессе. Аҟәа, 1999; Арасаӡыхь. Ажәеинраалақәеи аминиатиурақәеи. Аҟәа, 2013.