Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҵәыџьба Шалуа Леуарсан-иҧа



Ҵәыџьба Шалуа Леуарсан-иҧа (18.12.1912, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Тамшь ақыҭа – 26.05.1987, Аҟәа) – апоет, апрозаик. Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1988; данҧсы ашьҭахь, ишәҟәы «Апоет илахьынҵа» азы). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡ ихҵан. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аҧсышәала.

Тамшь ақыҭаҿ усҟан иҟаз алагарҭатә школ анаҩсан Гагратәи ашкол-интернат дҭалоит, ара быжь-класск дрылгеит. 1928 ш. Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аҧсуа школ дҭалоит. Л. Кәыҵниеи иареи аҵара еицыҵон. Араҟа аҵара аниҵоз ауп уи алитература абзиабара анизцәырҵыз.

1930 ш. иҵара анхиркәша, аамҭак азы аус иуан убри ашықәсан иаартыз Аҧснытәи аҳәынҭҭыжьырҭаҿы.

1932 ш. Владикавказ Нхыҵ-Кавказтәи арҵаҩратә институт дҭалоит. 1935 ш. ииуль 25 рзы (иара ахҧатәи акурс аҟны дтәан) харада ахара идҵаны ддырбаандаҩуеит, 1936 ш. ииуль 29 рзы акәзар, Калымаҟа дышьҭын. 1953 ш. рзы ауп иҧсадгьыл ахь ахынҳәра азин аниоу.

Згәабзиара акыр иҵшәааз Ш. Ҵәыџьба Аҧсныҟа данаа аусура далагоит Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы алитературатә усзуҩы еиҳабыс, ашьҭахь, 1957 ш. март мза инаркны ажурнал «Алашара» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультантс дыҟан.

Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит Аҟәатәи аҧсуа школ аҟны аҵара аниҵоз.

Ирҿиамҭақәа кьыҧхьын ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа: Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», иара убас «Аҧсуа поезиа антологиа» (урысшәала, М., 1958), ашәҟәы «Сухумские мотивы (2500-летию Сухума посвящается)» (М., 2005) уҳәа рҟны. Ш. Ҵәыџьба егьырҭ иажәеинраалақәа рыхәҭак анылеит «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

1932 ш. иҭыжьын раҧхьатәи ишәҟәы – аповест «Амаҭ зыбӷа ҧҵәоу», уи уаҳа еиҭаҭыжьӡам. Апоет ддырбаандаҩаанӡа иҭыжьын иара убас «Аҟама. Адраматә поемеи егьырҭ арҿиамҭақәеи» (1934).

Иҩымҭақәа рҭыжьра ҩаҧхьа ихацыркын дандыриаша ашьҭахь. 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа инаркны иҭыжьын 15 инареиҳаны иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, иажәабжьқәеи, иповестқәеи реизгақәа.

Ш. Ҵәыџьба иҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, ақырҭуа бызшәақәа рахь.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Амаҭ зыбӷа ԥҵәоу. Аповест. Аҟәа, 1932; Аҟама. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, Аԥҳәынҭҭыжьра, 1934; Аԥшәма      хәыҷы. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1955; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 1957;  Абаҳча ссир. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Аиҭагақәа. Аҟәа, 1960; Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1963; Ажәабжьқәа. –Аҟәа, 1964; Маҿа­маҿа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1966; Амаакыра. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1967; Амоҭацәа. Ажәабжьқәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1968; Ацәқәырԥақәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1970; Иалкаау аҩымҭақәа. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1972; Арашьқәа рдәы. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа, 1973; Ҩ­аамҭак реиԥшьырҭа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1976; Ашәҟәҭаӡ. Апоемақәа. Аҟәа, 1980; Иалкаау. Ажәеинраалақәеи    апоемақәеи.    Аҟәа,  1982; Иалкаау. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа, 1983; Ахьча­ла Вулкан. Ажәабжь. Аҟәа, 1985 .Асериа «Ашколтә библиотека»; Ахьча­ла Вулкан. Ажәабжь. Аҟәа, 1985; Татиаас. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1986; Апоет иразҟы. Апоема. Аҟәа, 1988; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2014; аурысшәахь аиҭагақәа: Чудесный сад. Стихи. М., 1961; Сказочный поезд. Стихи и поэма. М., 1969; Долина крылатых коней. Рассказы дедушки Шахана. Для младшего возраста. М., 1971; Персиковая косточка. Новые стихи. М., 1979; Талисман. Стихи и поэмы. М., 1984; Стихи и поэмы. М., 1988.