Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҷаниа Терент Михаил-иҧа



Ҷаниа Терент Михаил иҧа (10.02.1937, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – 03. 02. 2021) – аҧсуа поет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы. СССР ажурналистцәа Реидгыла алахәыла (1971), СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1981), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла. Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп (2012), ианашьоуп "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара. Дыҩуан аҧсышәала.

Дышқәыҧшыз иаби иани игхеит; иаб 1941-1945 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы дҭахеит.

Аҵара иҵон Ачаарқыҭ, Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол аҿы, нас иҵара хиркәшеит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ аҿы (1955). Далгеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа бызшәеи алитературеи, аурыс бызшәеи алитературеи рзаанаҭ ала (1960). Аинститут даналга, аус иуан Аҟәатәи аҧсуа школ-интернат №1 аҟны рҵаҩыс- ааӡаҩыс. 1966 шықәсазы, аҧсуа радио аҿы аамҭа кьаҿлатәи иусура ашьҭахь, диасит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциахь, раҧхьа – аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩыс, нас – аҭакзыҧхықәу маӡаныҟәгаҩыс. 1975 шықәсазы Апартиа Аҧснытәи аобласттә комитет ддәықәнаҵеит аҵаразы Москваҟа, КПСС Ацентр Комитет аҟны иҟаз Иреиҳаӡоу апартиатә школ ахь. Аҵара далганы Аҧсныҟа даныхынҳә, 1987 шықәсанӡа аус иуан Апартиа Аҧснытәи аобласттә комитет агитациеи апропагандеи рыҟәшаҿы. 1987 шықәсазы диаган Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа «Алашара» ахь директорс.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны Аџьынџьтәыла еибашьраан Т. Ҷаниа иуадақәа дырҳәит, ирблит инапылаҩырақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟан ипиеса «Актәи амш – адкылара амш», аусрысшәахь еиҭаганы акьыҧхь иазирхиаз ипоезиатә рҿиамҭақәеи ахәыҷқәа ирызкыз ажәеинраалақәеи. Аибашьра раҧхьатәи амчыбжьқәақәа раан уи ҭаацәала амацәаз иҭакыз Тҟәарчал днанагеит, нас – агәыҳалалратә реис ала Гәҭоуҭаҟа диасит. Уи араҟа ар ргазеҭ «За наше  Отечество» редактор хадас дҟарҵеит. Аибашьра шеилгазҵәҟьа Аҟәаҟа дхынҳәит, ҩаҧхьа - аҭыжьырҭа «Алашара» адиректорс. Ашьҭахь Аҧснытәи еидҵоу аҭыжьратә-полиграфиатә комбинат адиректор хада ихаҭыҧуаҩыс дыҟан. 2007 шықәса рзы уи далхын Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитфонд адиректорс. 2010 шықәса апрель 6 инаркны 2011 шықәса апрель 15 рзынӡа – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан.

Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол аҿы аҵара аниҵоз. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт данҭаз редакторс даман анапылаҩыратә журнал «Арҩаш». Раҧхьаӡа акәны Т. Ҷаниа иажәеинраалақәа кьыҧхьын ажурнал «Алашар» аҟны 1955 шықәсазы. Уи иҩымҭақәа рнылеит иара убас ажурналқәа «Амцабз», «Молодаиа гвардиа» (М., 1971); агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», «Пионерская правда» (Москва), «Общеписательская Литературнаия газета» (Москва); аизгақәа «Памятник нам сыновей не заменит» (1994), «Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа (Аҟәа – Сухум, 1995); «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашәышықәса» аҩбатәи атом (Аҟәа-Москва, 2001); аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009) аҟны уҳәа убас егьырҭгьы.

Уи авторс дрымоуп 20 иреиҳаны ажәеинраалақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа еидызкыло ашәҟәқәа.

Акыр иажәеинраалақәа ашәақәа рылхуп.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Сылашара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1965; Ашымҳа амҵан. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1970; Ашлақәа рқәыҧшра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1975; Иҭынчым амшқәа. Ажәабжьқәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1979; Асовет ҧсҭазаашьа (Апублицистикатә усумҭа). Аҟәа, 1979; Ааҧынтәи ашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1980; Аҧсуа баллада. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1981; Бара быда. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1983; Ииасуа аҧхын. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1987; Шәышьханхыҵ. Аповестқәеи аромани. Аҟәа; 1989; Аҷнышқәа амшын ихыҵуеит. Ароман, аповестқәа. Аҟәа, 1991; Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1997; Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2000; Ҭагалантәи ашәа. Ажәеинраалақәеи алаф ажәабжьқәеи. Аҟәа, 2003; Ақәыҧшра агьама. Ажәеинраалақәеи алаф ажәабжьқәеи, Аҟәа, 2005; Иҩымҭақәа реизга. 1-3 атомқәа. Аҟәа, 2007, 2008, 2009; Уҧры, сара сашәа! Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2010; Ҳазшаз илҧха. Ажәеинраалақәеи алибреттои. Аҟәа, 2015; Иалкаау. 1-2 атомқәа. Аҟәа, 2017, 2018; аурысшәахь еиҭаганы: Аҧсуа баллада. Аповесҭқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1985; Шәышьханхыҵ. Аповестқәа, ажәабжьқәа, ароман. Аҟәа, 2011. Ақырҭшәахь еиҭаганы: Шьемодгомис ца. Қарҭ, 1986.