Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҷкадуа Шоҭа Еугьан-иҧа



Ҷкадуа Шоҭа Еугьан-иҧа (20.08.1932, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – 02.01.2003, Аҟәа ақалақь) – аҧсуа шәҟәыҩҩы, асатирик, адраматург. СССР-и (1958) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Иқыҭан иҟаз аа-шықәсатәи ашкол далгеит, нас – абжьаратә ҵара хиркәшеит Тамшьтәи ашкол аҿы (1952). Дҭалеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рзаанаҭ ала, дагьалгеит 1956 шықәсазы.

1957-1969 шш. раан – аус иуан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») акультуреи абзазареи рыҟәша алитературатә усзуҩыс, нас аҟәша еиҳабыс. 1969 ш. инаркны аус иуан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, нас - С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театри рҟны, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы акәзар, Алитературатә хәҭа аиҳабыс дыҟан.

Арҿиамҭақәа аҧиҵо далагеит ашкол данҭаз ашықәсқәа раан. Акьыҧхь аҟны дцәырҵит (1946) ажәеинраалақәа рыла. Иажәеинраалақәа жәпакы (И. Вронски, Н. Коржавин аурысшәахь реиҭагамҭақәа) анылеит «Аҧсуа поезиа антологиа» (М., 1958). Ашьҭахь Ш. Ҷкадуа инеиҧынкыланы апрозеи адраматургиеи рахь диасуеит. Исатиратә ажәабжьқәа, иповестқәа, ипиесақәа рнылон аизгақәа «Альманах», «Ерцахә», альманах «Литературная Абхазия», ажурнал «Алашара», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», «Заря Востока», «Аҧсны», «Аидгылара», «Еҵәаџьаа», «Республика Абхазия» уҳәа егьырҭгьы.

20 инареиҳаны ажәабжьқәеи, аповестқәеи, апиесақәеи, акомедиақәеи, аинтермедиақәеи, аскетчқәеи уҳәа реизгақәа дравторуп.

Ш. Ҷкадуа илагала шьардоуп аҧсуа драматургиа аҟны, еиҳаракгьы акомедиеи асатиреи ржанр аҟны. Еиҳаракгьы абарҭ ажанрқәа рҟны ауп ибаҩхатәра ахьааҧшыз. Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы иқәыргылан икомедиа «Ҳауа идагәада». Убри нахыс ихьӡ еицырдырит. Ари аспектакль ала аҧсуа театр зегьеидгылоутәи ахәаҧшҩы иахь инеит. 1964 ш. Москва, Асовет Ар Рцентртә театр аҟны уи ықәыргылан «Жьулиеи Мажьулиеи» ахьӡны. Апиеса ҧыхьатәи СССР иахьаҵанакуаз атеатрқәа ҩынҩеижәихҧа рҟны иқәдыргылеит.

Егьырҭ ажәашықәсақәа раан Аҧсуа театр асценаҿы иқәыргылан иара убас апиесақәа «Амардуан», «Алоу дгәаауеит», «Акьанџьа» уҳәа егьырҭгьы.

1970-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аҟәа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы иаҧҵан асатиреи аминиатиурақәеи ртеатр. Уи ахыҵхырҭаҿы игылан Ш. Ҷкадуа, Шә. Ԥачалиа. Атеатр апрограммақәа шьақәдыргылон ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рыла. Атеатр аҿы еиуеиҧшым аамҭақәа раан ихәмаруан А. Ҭаниа, С. Сақаниа, М. Зыхәба, Ч. Џьениа, В. Аблоҭиа, Хә. Џьопуа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Асатиратә пиесақәа. Аҟәа, 1958; Аилыӷраа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1960; Ашкәакәеи аиқәаҵәеи. Аповест. Ажәабжьқәа. Аиумортә жәабжьқәа.  Аҟәа, 1961; Асатира. Аиумор. Ажәабжьқәа. Аминиатиурақәа. Аинтермедиақәа. Аскетчқәа. Асцена хәыҷқәа. Аҟәа, 1964; Ашьхыц. Ажәабжьқәа. Апиесақәа. Акомедиа. Аҟәа, 1965; Раԥхьатәи абзиабара. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1969; Ауаҩи аҭыԥи. Асатиратә жәабжьқәеи аповестқәеи. 1972; Сара, Уара, Ҳара, Шәара… Асатира. Аҟәа, 1974;  Алоу дгәаауеит. Ажәабжьқәа. «Чарирама». Апиесақәа. Аҟәа, 1978; Ауаа злахәым аизара. Ажәабжьқәеи апиесақәеи. Аҟәа, 1979; Иалкаау. Ажәабжьқәа, аповестқәа, апиесақәа. Аҟәа, 1982; Аду лхаҳә. Аповест. Ажәабжьқәа. Апиесақәа. Аҟәа, 1984; Ари лакәӡам, дад! Ажәабжьқәеи алакәқәеи. Аҟәа, 1985; Анцәа исасцәа. Ароман, ажәабжьоу, ажәабжьқәа. Аҟәа, 1989; Шәдырцәеи шәареи шәеибадыр. Апиеса кьаҿқәа. Аҟәа, 1991; Асатиреи аиумори. Аминиатиурақәа. Аскетчқәа. Ажәабжь кьаҿқәа. Аиуморескақәа. Алафқәа. Анекдодқәа. Асцена хәыҷқәа. Аинтермедиақәа. Жәлар иаԥырҵаз ацәаҳәақәа. Ажәеинраалақәа. Асатиратә жәабжьқәа. Аҟәа, 1998; Ахәыҷи аԥарԥалакьи. Апиесақәа. Ажәабжьқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2002; аурысшәахь аиҭагақәа: Супружеская жизнь. Повесть и рассказы. Сухуми,1980; Чужой дом. Повести и рассказы. Сухуми, 1986.