Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҷоҷуа Иасон Тыҟә-иԥа




Ҷоҷуа Иасон Тыҟә-иԥа
(15.03.1912– Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Аӡҩыбжьа ақыҭа – 09.01.1999, Аҟәа ақ.) – аԥсуа актиор, аиҭагаҩ. Аԥсни Қырҭтәылеи зҽаԥсазтәыз артист. СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан (1943).

Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт далгеит.

С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иқәыргылаз аспектакльқәа рҟны иихәмарыз арольқәа иреиуоуп: Мыкыҷ (А. Цагарели иҩымҭа «Ҳанума», 1945), Миллер (Ф. Шиллер   «Агьангьашреи абзиабареи», 1947), Маркиз (К. Гольдони «Асасааирҭа аԥшәма», 1952), Пиотр (М. Горки «Аҵыхәтәантәиқәа», 1954),  Аҭуџьар Қучуқ (Г. Гулиа «Асас еиқәаҵәақәа», 1956), Давид (В. Ниниӡе «Аҿымҭра», 1960), Магамеҭ (С. Ҷанба «Анцәа Саваоф», 1966) уҳәа егьырҭгьы.

С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр азы И. Ҷоҷуа аԥсшәахь еиҭеигеит адраматә ҩымҭақәа: У. Шеқспир ирҿиамҭақәа «Отелло», «Ҳамлет»,  К. Гольдони «Асасааирҭа аԥшәма», М. Шавлохов «Аԥҳәысҳәаҩ», А. Осровски «Харада ахара зду», Ф. Шиллер «Агьангьашреи абзиабареи», А. Макаионка «Аҷаҷа аҟны ахаҳәқәа», И. Воинович «Аԥшатлакә».

Аҭыжьымҭақәа: аԥсшәахь аиҭагақәа: Н. Островски. Аџыр шӡрыжәхаз. Ароман. Аҟәа, 1956; У. Шеқспир. Отелло. Атрагедиа, 1957; Л. Н. Толстои. Аиҭаира. Ароман, Аҟәа, 1959; У. Шеқспир. Ҳамлет. Атрагедиа. Аҟәа, 1968; К. Гамсахурдиа. Амза амҵарсра. Ароман. Аҟәа, 1973.