Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ӡыба Едуард Асхад-иԥа



Ӡыба Едуард Асхад-иҧа (01.04.1945, Аҧсны, Аҟәа ақалақь – 24.06.2003, Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика, Черқьесск ақалақь) – абаза поет, аиҭагаҩ, ажурналист. СССР ажурналистцәа Реидгыла алахәыла. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (2003). Дыҩуан аурысшәала.

1964-1966 шш. раан Асовет Аррамаҵура дахысуан. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1971). Аус иуан агазеҭқәа «Советская Абхазия», «Республика Абхазия» ркорреспондентс, редакторс, Аҧсуа радио аурыс редакциа акорреспондентс (1980-тәи ашықәсқәа). 1992-1995 шш. рзы – агазеҭ «Адыга Хасе» аредакторс аус иуан.

Иажәеинраалақәа Аҧсны апериодикатә кьыҧхь ианылон. Аурысшәахь еиҭеигон аҧсуа поетцәа ражәеинраалақәа. Илагала маҷмызт аҧсуа-абаза литературатә еимадарақәа рырҿиараҿы.

Аҭыжьымҭақәа: урысшәала: Красная птица. Стихи. Сухуми, 1979; Полет любви. Стихи. Сухуми, 1982; Апрель мечты. Стихи. Сухуми, 1984; Экслибрис. Стихи. Сухуми, 1988.