"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Ап,сны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҭнажьуеит алитераторцәа ҿарацәа рырҿиамҭақәа еидызкыло аизга "Ашацкыра". Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ап,шьгарала уажәазы уи зҩымҭақәа агәылалараны иҟоу авторцәа аап,хьан «Ашацкыра» анаҩстәи аҭыжьымҭа азырхиара иамадоу азҵаатәқәа рылацәажәаразы.
Иахьа адунеи аҭынчра ианазгәышьуа, аекономика анҭышәынтәалам аамҭазы акырӡа аҵанакуеит адоуҳатә культура аҿиара. Еиҳаракгьы зхыԥхьаӡара маҷу ажәларқәа рзы еснагь актуалра алоуп ахеиқәырхара, аидгылара, аҳәоуеиқәшәара. Абарҭқәа уасхырс иҟаҵаны ҳажәлар иахьа уажәраанӡа имырӡкәа иааргаз рҳәынҭқарреи рхатәы бызшәеи, рмилаҭтә культуреи рыхӡыӡаареи, рыгәцаракреи ирыбзоурахоит ԥхьаҟатәи рԥеиԥш.
2022 ш. апрель 27 рзы И.Г. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла изаамҭану XIV аизара ду
72 шықәса дшырҭагылаз иҭсҭазаара далҵит ап,суа шәҟәыҩҩы, апублицист Дырмит Быҭәба.