Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ажәабжьқәа



УАРЧА ИАЗГӘАҬАН АПОЕЗИА АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АМШ

Март 21 – апоезиа Адунеизегьтәи амш адунеи атәылақәа жәпакы иазгәарҭоижьҭеи акыр ҵуеит. Ап,сны акәзар, уи 2011 ш. раахыс ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ап,шьгарала есышықәса иазгәарҭоит.

Анаҩс

АШАЕҴӘА ИАДЫРКЫЛОЗ АПОЕТ

Абаҩхатәра злаз иналукааша аԥсуа поет Иуа Коӷониа диижьҭеи 120 шықәса ҵит. Абри арыцхә иазкны уи данииз амш – март 13 рзы аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥыргеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекеи.

Анаҩс

АԤСНЫ ЖӘЛАР РЫШӘҞӘЫҨҨЫ АЛЫҚЬСА ГОГӘУА ИМШИРА АЗГӘЕИҬОИТ МАРТ 15 РЗЫ

Март жәохә рзы Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 92 ш. ихыҵуеит. Уи имшира инамаданы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыхьӡала Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла идныҳәалоит. Агәабзиареи, агәамчи, ақәра дуи, арҿиара агәацԥыҳәареи игымзааит.

Анаҩс

ЗЫХЬӠ ЕИЦАМКУА АПОЕТ ИЗКНЫ

Март жәеиза рзы Гәдоуҭа, араион Акультуратә хан аҟны имҩаҧысит абаҩхатәра ҟаимаҭ злаз апоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, 1992 ш. октиабр жәба рзы хабарда ибжьаӡыз Таиф Аџьба диижьҭеи 85 ш. аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы.

Анаҩс