Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АП,СНЫ АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА ГӘАЛСРАЛА ИРЫДАШШЫЛОИТ ЗЫП,СҬАЗААРА ИАЛҴЫЗ АШӘҞӘЫҨҨЫ, АПУБЛИЦИСТ ДЫРМИТ БЫҬӘБА ИҬААЦӘА





25.03.2022
72 шықәса дшырҭагылаз иҭсҭазаара далҵит ап,суа шәҟәыҩҩы, апублицист Дырмит Быҭәба.
Дырмит Иван-иҧа Быҭәба диит 1951ш. февраль 2 рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи дрылан. Ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара, амедалқәа «Агәымшәаразы», «Аиааиразы».
Аҵара иҵон Л. Б. Кәыҵниа ихьӡ зху Аҭаратәи абжьаратәи ашкол аҟны, И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол далгеит.
1969-1972 шш. раан Асовет аррамаҵура дахысуан. 1974 ш. инаркны аус иуан Тҟәарчалтәи ақалақьтә нагӡком афинанстә ҟәша аинспекторс. 1980 ш. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет далгеит. 1980-1991 шш. раан аус иуан Тҟәарчал ақалақь ауааҧсыра рыбзазаратә маҵзура аҟны. 1993 ш. Тҟәарчалтәи араионтә газеҭ «Тҟәарчал абжьы» аредакторс дыҟан. Аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара далахәын.
Дырмит Быҭәба 1996 ш. Аҟәаҟа диасуеит. 1997 ш. Ҷ. М. Џьонуа ихьӡ зху Аҟәатәи 13-тәи абжьаратәи ашкол анапхгаҩыс дарҭоит. 2008 ш. инаркны Аҧсны Арбџьар Мчқәа рмузеи деиҳабын.
Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1970-тәи ашықәсқәа раан. Иажәабжьқәеи ипублицистикатә ҩымҭақәеи рнылон агазеҭ «Тҟәарчал абжьы», ажурнал «Алашара» уҳәа егьырҭ апериодикатә ҭыжьымҭақәа. Авторс дрымоуп ажәабжьқәа, аповестқәа, ҩ-романк, апублицистикатә очерқәа.
Еиуеип,шым ашықәсқәа рзы ап,сышәала иҭижьит ипрозатә рҿиамҭақәа реизгақәеи, ҩ-романки, апублицистикатә очеркқәа реизгақәеи. «Мрагыларатәи афронт ахроника», «Мрагыларатәи афронт» (2-шәҟәыкны), «Быҭәаа рхылҵшьҭра». (аетнографиатә очеркқәа), «Абырлаш мацәаз» (ажәабжьқәа), аҭоурыхтә романқәа «Амшмыхәла», «Ардимон», урысшәала иҭижьит «Краткий обзор историографии абхазских войн».
Ап,сны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла гәалсрала ирыдашшылоит зып,сҭазаара иалҵыз ашәҟәыҩҩы, апублицист Дырмит Быҭәба иҭаацәа.
Ап,сыжра ҟалоит амҽыша, март 27 рзы. Ап,сы ддәылыргоит Аҟәа ақ. Аишьцәа Занҭариаа рымҩа, аҩны аномер 101 аҟнытә асааҭ 12.00 рзы. Ап,сы анышә дамардоит Аҭара ақыҭан.