Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АҦСНЫ АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА ОНЛАИН-КОНКУРС РЫЛАНАҲӘОИТ АҦСНЫ ИАХЬАҴАНАКУА АҦСУА ШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЫХЬӠҚӘА ЗХУ АМҨАҚӘА, АШКОЛҚӘА, АҦСШЬАРҬАҚӘА, АКУЛЬТУРАТӘ ХӘЫШҬААРАҚӘА ЕИЛКААНЫ РСИА АШЬАҚӘЫРГЫЛАРАЗЫ





Аконкурс хықәкыс иамоуп аҿар амилаҭтә культура рылааӡара, ахатәы бызшәеи адоуҳатә баҟақәеи рыгәцаракра, рҵакы ҳаҭыр ақәҵара.

Аконкурс рҽаладырхәыр рылшоит аҵараиурҭақәа ирҭоу 15 ш. инаркны 25 ш. рҟынӡа зхыҵуа аҿар.

Иҟашәҵо асиа аашәышьҭла Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аелектронтә ҧошьҭа ашҟа: Kamachich@yandex.ru

Аконкурс ҿҳәарас иамоуп 2021 ш. сентиабр 15 инаркны декабр 15 рзынӡа.

Аконкурс аихшьаалақәа рылаҳәахоит ианхыркәшахалак нахыс жәамш ирхымгакәа.

Аконкурс аҧҟарақәа:

Ажиури ахәаҧшраан иалкаахоит хыҧхьаӡарала еиҳаны, насгьы ииашаны ахьӡқәа шьақәзыргылаз хҩык. Урҭ рахьтә досу шаҟа бжьы иоуз ала еилыргахоит иааникылаз аҭыҧ. Иаазышьҭуа ихьӡ, ижәла, дахьынхо, аҵара ахьиҵо (иахьылҵо) арбазароуп.

Иалкаахаз ирыҭахоит адипломқәеи аҳамҭақәеи.

Ажиури аилазаара иалоу хшыҩзышьҭра зырҭо иреиуоуп:

- ашәҟәыҩҩцәа рыхьӡ зху амҩақәа, ашколқәа, аҧсшьарҭақәа, акультуратә хәышҭаарақәа хаз-хазы еихшаны рсиақәа рышьақәыргылара (аҧсышәала);

- ашәҟәыҩҩы ихьӡ зху ахаҭа ахьӡ ииашаны анҵара (иалшозар, ихьӡ анахҵоу арыцхә арбара), насгьы иахьыҟоу ақалақь, араион, ақыҭа азгәаҭара.

Зҵаарақәак зызцәырҵуа аҭел шәасыр шәылшоит абарҭ аномерқәа рахь:

771-08-80; 772-70-86