Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АԤСНЫ АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА АҞНЫТӘ ҲАШӘҞӘЫҨҨЦӘА ЗЕГЬЫ ҲАЗҬАЛО АШЫҚӘС ҾЫЦ ШӘЫДАҲНЫҲӘАЛОИТ!





31.12.2021

Ҳаҭыр зқәу ҳашәҟәыҩҩцәа, гәык-ҧсыкала шәгәакьацәеи шәареи ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, шәырҿиарараҿы аихьӡара ҿыцқәа.

Еснагь ишәыҟәгазааит арыцҳареи алахьеиқәреи, шәзеигәырӷьаша ахҭысқәа шәзыҧшызааит, аҧхьаҩцәа шәыгымзааит.

Ииасуа ашықәс зегьы рзы акыр ауадаҩрақәа ацын ачымазара ҿкы амҽхак ахьарҭбааз инамаданы, убри аҟнытә аусурагьы ҧкын, уи аҧынгылақәа цәырнагон. Аха, ега ус акәзаргьы, инеизакны аусура азҿлымҳара бзиа аман. Абжьааҧнеиҧш, иҭыҵуан агазеҭқәеи ажурналқәеи, урҭ ирнылон ҳашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭа ҿыцқәа, иара убас иааиҧмырҟьакәа ихаҭәаауан Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит. Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа исахьаркны рыҧхьаразы акымкәа-ҩбамкәа онлаин-конкурсқәа мҩаҧган, аҿари ашколхәыҷқәеи алархәны. Имҩаҧысуан ашәҟәыҩҩцәа риубилеиқәа разгәаҭара, алитературатә хәылҧазқәа, астол гьежьқәа…

Ашықәс иалагӡаны алитературатә ҧсҭазаараҿы иҟаз ахҭыс бзиақәа иреиуаны ишьатәуп ҳашәҟәыҩҩцәа аҳамҭақәа ахьранашьаз: апоет, аиҭагаҩ Денис Чачхалиа ианашьан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа иакәзар, Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә премиа ианашьан аурысшәахь еиҭеигаз иажәабжьқәа рзы.

Ашәҟәыҩҩы инапы злаку аус ҧшьоуп, адоуҳатә культура арҿиара иацхраауеит. Ус анакәха, ҳара, еснагь еиҧш, ҳаҧсадгьыл Аҧсни ҳлитература гәакьеи рымаҵ ааулароуп.

Агәрагара ҳамоуп, иааиуа ашықәс ҿыц аангьы ҳаихьӡарақәа маҷхарым ҳәа.

Ҽаанбзиала, акыр иаҧсоу аҩызцәа!