Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АԤСНЫ АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА ЕИҾНАКААЗ ОНЛАИН-КОНКУРС ЕИХШЬАЛОУП





06.09.2021

Еицырдыруа аҧсуа поет, апрозаик, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Иван Ҭарба диижьҭеи 100 ш. аҵра инамаданы ипоезиеи ипрозатә ҩымҭақәа рцыҧҵәахақәеи ҿырҳәала рыҧхьаразы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ирыланҳәахьаз онлаин-конкурс еихшьалан.

Аконкурс хықәкыс иаман Иван Ҭарба игәалашәара амырӡра, ирҿиамҭақәа рҟны иаарҧшу аҧсуа ҧсҭазаара агәылаҧшра, аҧхьаҩцәа  ҿарацәа рааӡара, амилаҭтә литература абзиабара дыркра, рдунеихәаҧшра арбеиара.

Аконкурс иалахәхар зылшоз 15 ш. инаркны 25 ш. зхыҵуа ирыҵанакуа аҿар рыбжьара апоет иажәеинраалақәа ҿырҳәала рыҧхьараҿы ажиури маӡалатәи абжьыҭира алҵшәақәа рыла Адиплом актәи аҩаӡара иаҧсахеит еиҟараны абжьқәа зауз ҩыџьа: Ҷлоутәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Алан Аҳәба, Аҧснытәи Аҳәынҭуниверситет астудент Фатима Барчан.

Адиплом аҩбатәи аҩаӡаара раҭәашьоуп: Аҧснытәи Аҳәынҭуниверситет астудент Сариа Барцба, Ҷлоутәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Марица Џьопуа.

Адиплом ахҧатәи аҩаӡара аиураҿы акәзаргьы, еиҟараны абжьқәа зауз хҩык алкаахеит: Аҧснытәи Аҳәынҭуниверситет астудент Шьарида Гогәуа, Гагра араион Бзыҧҭатәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Дмитри Малиа, Ҷлоутәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Викториа Миқаиа.

Ажиури иаҧнаҵаз аноминациа «Алитература абзиабара азы» аҟны акәзар, далнакааит Бзыҧҭатәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Милана Становскаиа.

Иван Ҭарба ипрозатә ҩымҭақәа рыҧхьараҿы Адиплом актәи аҩаӡара ланашьоуп ароман «Амра ҳара ҳҟны  игылоит» ацыҧҵәаха иаҧхьаз Аӡҩыбжьатәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Анелла Дочиа.

Аконкурс аҟны иалкаахаз адипломқәеи аҳамҭақәеи рнапаҿы ирыҭахоит, иара убас зҽалазырхәыз зегьы  аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахоит.