Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АԤСНЫ АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА ГӘАЛСРАЛА ИРЫДЫШШЫЛОИТ ЗЫԤСҬАЗААРА ИАЛҴЫЗ ВЛАДИМИР БАСАРИА ИҬААЦӘЕИ ИГӘАКЬАЦӘЕИ





25.12.2021

Владимир Константин-иҧа Басариа диит (05.12.1934) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (1990) ҳәа ахьӡ ихҵан. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1997) СССР-и Урыстәылеи ржурналистцәа Реидгылақәеи рлахәыла. Ианашьан  «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Аҵара иҵон Қьарақьантәи ҧшь-классктәи алагарҭатә школ аҟны, аха раҧхьатәи ашықәс азы иҵысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа.

Аибашьра ашьҭахь Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол даналга, дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа (далгоит 1957ш.). 1958-1962 шш. рзы А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭан. 1962 ш. нахыс рҵаҩыс аус иуан Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратә школ аҟны. Шықәсык ааҵуаны агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциахь диасуеит. Жәибжь шықәса инеиҧынкыланы аус иуан литературатә усзуҩыс (1962-1967), корреспондентс (1967-1972), аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩс (1972-1976), асовет ргылареи, административтә усбарҭақәеи, атауареикәыршареи  рыҟәша аиҳабыс (1976-1978). Ашьҭахь аредактор еиҳабыс диасит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәыҭыжьырҭа «Алашара» ашҟа, аамҭак азы аредактор хада инапынҵақәа наигӡон.

Алитературатә ҩымҭақәа раҧҵара далагеит 1950-тәи ашықәсқәа раан, Кәтолтәи ашкол аҟны аҵара аниҵоз. Раҧхьатәи иажәабжь акьыҧхь абеит 1955 шықәсазы.

Иҩымҭақәа рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Аԥсны», «Советская Абхазия» «Еҵәаџьаа», еиуеиҧшым аизгақәа.

Ҩеижәа инареиҳаны апрозеи апублицистикеи еидызкыло ашәҟәқәа ҭижьхьеит, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ароманқәа.

Владимир Басариа ихьӡ хашҭра ақәымкәа иаанхоит амилаҭтә литература аҭоурых аҟны. Игәалашәара рыцзаауеит, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа реиԥш,  дызыруаз зегьы.