Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АԤСНЫ АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА ГӘАЛСРАЛА ИРЫДАШШЫЛОИТ ЗЫԤСҬАЗААРА ИАЛҴЫЗ АШӘҞӘЫҨҨЫ АНАТОЛ КӘЫҴНИА ИҬААЦӘА





01.10.2021

Иԥсҭазаара далҵит ашәҟәыҩҩы, апублицист Шьалуа (ишәҟәқәа рыла -Анатол) Уасил-иԥа  Кәыҵниа.

Анатол Кәыҵниа диит Аҟәа 1937 ш.  маи 2 рзы.  Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далан 2012 ш. раахыс.

Очамчыра араион Аҭара ақыҭантәи абжьаратәи ашкол даналга А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭалеит. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аус иуан Пицундатәи аҧсшьарҭақәа реидҵа аҟны, иара убас Аҧснытәи аполиграфиатә еидҵараҿы, ашьҭахь Аҭара ақыҭан акультура аҩны деиҳабын.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) Мрагыларатәи афронт аҟны, Аӡҩыбжьа, нас Аҭара арратә корреспондентк иаҳасабала аибашьратә хҭысқәа ашәҟәы ианиҵон, ихатә мшынҵа иман. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь иҭыҵыз ироманқәа рыҩбагьы, иқыҭауаа аԥхьа инаргыланы,  Мрагыларатәи афронт аҟны Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ақәылаҩцәа ирҿагыланы рықәԥара аадырԥшуеит.

Алитература абзиабара шьҭикааит дышқәыҧшыз, аҩра дызлалагазгьы ажәеинраалақәа рыла ауп. Раҧхьатәи иҩымҭа 1956 шықәсазы алитературатә журнал «Алашара» ианылеит. Хара имгакәа апрозахь диасуеит. Иажәабжьқәеи иповестқәеи агазеҭ «Аҧсны» («Аҧсны ҟаҧшь»), ажурнал «Алашара» уҳәа апериодикатә кьыҧхь ианылон.

Аҟәа иҭыҵыз ишәҟәқәа иреиуоуп: Асар рымҩа. Аповест (1974); Ачара аҿҳәара. Ажәабжьқәа (1978); Нанҳәа. Ароман (2003); Нанҳәа. Ароман. Аҩбатәи ахәҭа (2009); Кәыдры аиҩхаатәи аиҭныҧсахлара. Ароман (2014).