Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АԤСНЫ АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА XIV АИЗАРА ДУ АҲӘАМҬА





28.04.2022

Иахьа адунеи аҭынчра ианазгәышьуа, аекономика анҭышәынтәалам аамҭазы акырӡа аҵанакуеит адоуҳатә культура аҿиара. Еиҳаракгьы зхыԥхьаӡара маҷу ажәларқәа рзы еснагь актуалра алоуп ахеиқәырхара, аидгылара, аҳәоуеиқәшәара. Абарҭқәа уасхырс иҟаҵаны ҳажәлар иахьа уажәраанӡа имырӡкәа иааргаз рҳәынҭқарреи рхатәы бызшәеи, рмилаҭтә культуреи рыхӡыӡаареи, рыгәцаракреи ирыбзоурахоит ԥхьаҟатәи рԥеиԥш.

Амилаҭтә культура аизҳара иахәҭакуп алитература. Шәышықәса ирылагӡаны уи иалнаршаз рацәоуп. Ҳлитература еснагь иаҵагылон Аԥсны жәлар рпоет Д. Гәлиа ишьаҭаиркыз асахьаркыратә литература еихазҳауаз абиԥарақәа. Урҭ ирыџьшьоуп ҳтәыла анҭыҵ, акыр инахараны ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа еиҭаганы ирыԥхьо алшара ахьыҟалаз. Абри ишьақәгылахьоу атрадициа бзиа иацҵо иаауеит ҳаамҭазтәи арҿиаҩцәа. Ус анакәха, иҟоуп, аԥсы ҭоуп, аҿиара амҩа иануп аԥсуа идоуҳа.

Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа еснагь ауаажәларра аҿиара иалахәын, рлагала бзиагьы ҟарҵон. Еснагь амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалагылан, уи напхгара анарҭоз аамҭақәагьы ыҟан.

Аҿырԥшқәа иаҳдырбоит ашәҟәыҩҩы иԥсадгьыли иуаажәлари дшырзыҟоу, рԥеиԥш дшахӡыӡо, ахатәы бызшәа аҿиареи аларҵәареи имч-илша шадиҵо, уи аҭагылазаашьа иацу апроблемақәа рыӡбра дшалахәу, абасала ижәлар ргәеисра дшацу.

Ҳазҭагылоу аамҭазы ажәларқәа рԥеиԥш ианеиҷаҳалатәу, ҳара даҽа аамҭак еиԥшымкәа иаҳҭахуп амчқәа реидкылара, ҳажәлар рдоуҳа аиқәырхара. Алитература амаҵ азызуа, уи  зыԥсҭазаара азызкыз ибзианы еилыркаауеит ԥхьаҟа ацаразы аидгылара ада даҽа мҩак шыҟам. Апрогрессивра злоу амчқәа хҭак еицҭадыршәуа ауаажәларра аҿиара ралахәра иаӡбо рацәахоит. Алитература, ашәҟәыҩҩцәа араҟа аганахь изгылашам, арҿиаҩцәа аԥсҭазаара аҵла амахәҭа дуқәа ируакуп. Убри аҟнытә, аҽеидкылараҿы, амчқәа реизакраҿы ашәҟәыҩҩцәа рдоуҳамчи рхыԥшеи рнырра иацлалароуп, ргәы иҵхо азҵаарақәа рыӡбра даргьы алахәзаауеит.

Иахьа аҳәынҭқарратә усқәеи аекономикеи рыла иаҳзааигәоу Урыстәылатәи Афедерациа аҟны акультура даара иазхьаԥшуа, иахаҵгылауа иалагеит, ашәҟәыҩҩы есааира иаҳаҭыр шьҭыҵуеит. Аурыс литераторцәа рҽеидкыланы рзеиԥш усқәа рыӡбо аҭагылазаашьа шьақәгылоит. Аԥсны акәзар,  ашәҟәыҩҩцәа рхеидкылақәа рыҩбагьы русеицура амҽхак есааира иҭбаахоит. Ашәҟәыҩҩцәа ҳзеиԥш усқәа рҟны еснагь ҳаилахәуп, наҟ-ааҟ ҳхеибарҭәаауеит. Ашәҟәыҩҩцәа иԥшьоу рзанааҭ иамадоу ауснагӡатәқәа рыӡбраҿы уи цхыраагӡа бзиоуп. Агәрагара ҳамоуп ҳаԥхьаҟагьы ари амҩа ишацҵахо азы.

Адоуҳатә культура арҿиара амҩан ашәҟәыҩҩцәа рлагала еиҳахалааит, еилшәара рықәымзааит, аҩымҭа ҿыцқәа раԥҵаразы агәацԥыҳәара рыцзааит!

(Ирыдыркылеит ААР XIV аизара ду  (27.04.2022) аҟны)