Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АԤСУА ПОЕТЕССА ЛИОЛИА ТӘАНБА ДИИЖЬҬЕИ 70 ШЫҚӘСА ҴИТ





19.01.2022

Аԥсуа поетесса Лиолиа Сулҭан-иҧҳа Тәанба диит (19.01.1952) Аҟәа араион Ешыра ақыҭан (лыԥсҭазаара далҵит –22.11.2006). Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далан.

А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1975). 1977 ш. аусура далагеит аныҟәарақәеи аекскурсиақәеи Аҟәатәи рбиуро аҟны. Ашьҭахь атәылаҿацәҭҵааратә ареспубликатә библиотекаҿ аҟәша деиҳабын, Д.И.Гәлиа Иҩны-музеи аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс дыҟан. Ахәыҷ-баҳча «Иаирума» аҟны ааӡаҩын.

Заа ажәеинраалақәа лыҩуа далагеит. Лҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа: «Алашара», «Абаза», агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», аизгақәа «Еҵәаџьаа», «Однажды в апреле» (Қарҭ, 1982), «…Памятник нам сыновей не заменит… Стихи и песни» (Аҟәа, 1994), «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. – Песнь Мужества. Стихи. Рассказы. Статьи» (Аҟәа – Сухум, 1995), «Аҧсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; 2009) уҳәа.

Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы дравторуп. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аҟәа иҭыҵит лажәеинраалақәа реизгақәа, урҭ иреиуоуп: «Ашамҭаз», «Аҵх алакәқәа», «Аҳақашәа», «Алахьынҵа», «Сышьҭа. Ажәеинраалақәа. Жәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа. Асалам шәҟәқәа. Агәалашәарақәа. Астатиақәа» уҳәа.

Абаҩхатәра злаз апоетесса Лиолиа Тәанба аԥсуа поезиаҿы даҽаӡәы диламҩашьо лышьҭа аанлыжьит. Лырҿиара цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсуеит лыԥсадгьыли, лыжәлари, лхатәы бызшәеи, аԥсуареи рахь илымаз абзиабара. Уааднаԥхьалоит лпеизажтә лирика. Лажәеинраалақәа рҟны дырзышәаҳәоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа. Иаамҭамкәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз апоетесса Лиолиа Тәанба лгәалашәара еснагь ирыцзаауеит лҩызцәа ашәҟәыҩҩцәа, лбаҩхатәреи лырҿиареи рыхә зшьоз зегьы.