Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ДЕНИС ЧАЧХАЛИА ИРҾИАРАТӘ ХӘЫЛԤАЗЫ





23.04.2021

Аԥсуа поет, аиҭагаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Денис Чачхалиа, Аԥсны еиԥш, Урыстәылан ҳаамҭазтәи алитературақәа  рыҿиара апроцесс далахәуп. СССР-и, Аҧсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла  арҿиараҿы ҩ-бызшәак еиԥшны ицааиуеит, ипоезиеи, иеиҭагақәеи, иҭҵаамҭақәеи аԥхьаҩцәа ирылаҵәеижьҭеи акыр ҵуеит.

Ааигәа С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаԥысит апоет 70 ш. ихыҵра иазкыз ирҿиаратә хәылԥазы. Уахь инеит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, апоезиа абзиабаҩцәа.

Аиқәшәара аалыртит, егьымҩаԥылгон ажурналист Рада Аргәын. Аханатә асценахь дцәырҵуеит аԥсуа театр актиор Д. Арухаа, уи инаигӡеит аиубилиар идраматә ҩымҭа иалхны арежиссиор Н. Ешба аԥсуа театр аҟны иқәлыргылахьаз «Али-беи» аҟнытә амонолог. Ахәылԥаз апрограмма еиҿкаан аиубилиар иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызкны амҩаԥгаҩи иареи реиҿцәажәарала, амала азҵаарақәеи аҭакқәеи инарыбжьаршәны иҟан ақәгыларақәа.

Адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи рыла иқәгылеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аԥҳазоу, Аԥсны Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Гә. Кьычба, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ , академик С. Бебиа, апоет, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Гә. Сақаниа уҳәа егьырҭгьы. Ахәылԥаз алахҿыхра иацырҵон ажәеинраалақәа ирыԥхьоз артисцәа Кь. Ҳагба, Хь. Мықәба, ашәақәа назыгӡоз М. Кәарацхелиа, Л. Гәымба, О. Сангәлиа, Џь. Жорданиа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла.

Аҵыхәтәан ажәа иман Д. Чачхалиа. Асценаҿ исахьаркны даԥхьеит иажәеинраалақәа руак «Аалычовый сад», аԥсшәахь еиҭеигаз С. Есенин иажәеинраалақәа руак иалхыз ашәагьы наигӡеит. Аԥсны акультура аминистрра аԥхьа инаргыланы, ахәылԥаз аиҿкаара иахаҵгылаз, иазааԥсаз, насгьы зҽалазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Д. Чачхалиа ипоезиатә рҿиамҭақәа  ирныԥшуеит ираӡоу, игәылыршәоу ихатә дунеи, ихатә цәаҩа, ихатә хәыцшьа. Аԥсуа милаҭтә поезиа ирбеиеит иара убас бызшәа цқьала, баҩхатәрала аԥсшәахь еиҭеигахьоу аурыс поетцәа дуқәа А. Пушкин, С. Есенин, А. Блок, А. Ахматова, М. Цветаева, насгьы анемец классикцәа гәыԥҩык рпоезиа хьыршәыгәқәа рыла. Аурысшәахь акәзар, шьахәла еиҭеигахьеит аԥсуа поетцәа: Д. Гәлиа, И. Коӷониа, О. Беигәаа, Б. Шьынқәба, Кь. Чачхалиа, А. Аџьынџьал, Т. Аџьба, Р. Смыр, Н. Кәыҵниа, Г. Аламиа, Р. Лашәриа уҳәа ражәеинраалақәа.

Арҿиаҩы ихьӡ еицырдыруеит иара убас ахыҵхырҭақәа шьаҭас измоу Аԥсны аҭоурых иазку иҭҵаамҭақәа рыла. Аԥшьгыҩыс дамоуп  аԥсуааи адыгақәеи ирызку аҳәаанырцәтәи авторцәа рышәҟәқәа акымкәа-ҩбамкәа  аурысшәахь еиҭаганы рҭыжьра.

Акыр шықәса раахыс Москва иҟазаара иабзоураны ҩ-дунеик, ҩ-литературак реимадарақәа рырҿиараҿы илагала маҷымкәа иҟоуп.