Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ЕИЦЫРДЫРУА АПОЕТ, АПРОЗАИК ИВАН ҬАРБА ДИИЖЬҬЕИ 100 ШЫҚӘСА ҴИТ





21.03.2021

Аҧсуа поет, апрозаик, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа ирылаз Иван Константин-иҧа Ҭарба диит (21.03.1921) Очамчыра араион Баслахә ақыҭа (иԥсҭазаара далҵит – 29.01.1994). Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (1971; ароман «Амра ҳара ҳҟны игылоит» азы). Очамчыра ақалақь амҩақәа руак ихьӡ ахуп. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Баслахәтәи алагарҭатә школи Очамчыратәи ашкол-интернати рҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аурыс бызшәеи алитературеи рыҟәша далгеит (1947). Аамҭак азы аус иуан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы. 1948-1953, 1958-1979 шш. раан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дахантәаҩын. 1953-1954 шш. рзы Аҧсны аҵара аминистрс, 1954-1958 шш. рзы акәзар, Қырҭтәылатәи Акомпартиа Аҧснытәи аобком амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1954 ш. СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далхын. 1979 ш. инаркны – азаанаҭеидгылақәа Аҧснытәи робласттә совет амаӡаныҟәаҩ. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) ӷәӷәала ичмазаҩыз апоет аамҭак азы аӷацәа ирымпыҵакыз Аҟәа далаханы дыҟан, араҟа итҟәацыз аснариад аҧҽыхақәа рыла дҭахеит иҧшәмаҧҳәыс, атеатр актриса Еҭери Коӷониа. Ашьҭахь иара далыргеит Гәдоуҭаҟа, уи нахыс Пицунда дыҟан.

Аибашьра аамҭа хьанҭа, изааигәаз ауаа ицәыӡра, хәшәтәышьа змамыз ичымазара уҳәа, апоет ҭаха ирҭомызт. Аҧсны аҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, иара иҧсадгьыл игәы азыбылуан, аиааирагьы агәра игон.

И. Ҭарба заа ажәеинраалақәа иҩуа далагеит. Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1937 ш. инаркны. Аҧсышәала еиҧш, иҩымҭақәа урысшәалеи қырҭшәалеи еиҭаганы ирнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа-Сухум», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Еҵәаџьаа», «Советская Абхазия», алитературатә еизга «Ерцахә» (Аҟәа, 1981); «Аҧсуа поезиа антологиа» (урысшәала, М.,1958), «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Сухум, 2009); ашәҟәы «Сухумские мотивы. (2500-летию Сухума посвящяется)» (М., 2005) уҳәа егьырҭгьы.

И. Ҭарба иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, иеиҭагақәеи раҧхьатәи реизга «Ашьха ӡыхь» ҭыҵит 1949 шықәсазы. Уи нахыс ажәеинраалақәеи апоемақәеи рацәаны иҩит, иара убас ароманқәа «Амра ҳара ҳҟны игылоит», «Идыру ахьӡ», «Сан лыблақәа», «Адунеи ахьалаго». Урҭ рахьтә (ироманқәа хҧа налаҵаны) аурысшәахь еиҭаргеит Л. Длигач, А. Кронгауз, Н. Тихонов, Н. Асеев, И. Козловски, А. Межиров, Н. Заболоцки, Н. Гребнев, И. Кошежева, Б. Дубровин, А. Дементиев, Б. Ахмадулина, С. Куниаев, И. Риашенцев, А. Передреев, М. Синельников, В. Солоухин уҳәа егьырҭгьы, егьҭыжьын Москва, Аҟәа, Қарҭ.

И. Ҭарба авторс дрымоуп 25 инареиҳаны ашәҟәқәа. Иҩымҭақәа еиҭаганы хазы шәқәаны иҭыҵхьан иара убас аукраин, абелорус, ақырҭуа, хинди уҳәа абызшәақәа рахь.

И. Ҭарба исценариала иҭыхын раҧхьатәи аҧсуа фильм «Аҽы зкәадыруа».