Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ИАХЬА 85 ШЫҚӘСА ИХЫҴРА АИУБИЛЕИ АЗГӘЕИҬОИТ АԤСУА ПОЕТ, АПРОЗАИК, АИҬАГАҨ ПЛАТОН БЕБИА. АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЫХЬӠАЛА АДНЫҲӘАЛАРА ҞАНАҴОИТ АԤСНЫ АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА





05.10.2020

Еицырдыруа аԥсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә  усзуҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, СССР-и, Аԥсни,  Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла Платон Хәамԥа-иԥа Бебиа  85 шықәса шәхыҵра гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит.

Очамчыра араион Кәтол ақыҭан ииз, иааӡаз, шәышқәыԥшыз алитература абзиабара шьҭышәкааит. Убри ауп, хымԥада, шәхатә ҩымҭақәа раԥҵара ашҟа шәхьазырԥшыз. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт шәанҭаз еиҳагьы алитература шәагәыланахалеит. Раԥхьатәи шәажәеинраалагьы анылеит 1955 ш. ҿыц зҭыжьра аԥшьгаз ажурнал «Алашара» актәи аномер. Шәажәеинраалақәа реизга «Ацәқәырԥақәа» анҭыҵ нахыс аӡәы ҳәа апоетцәа рҭаацәара шәналагылеит, уи арҿиара ду ахь мышьҭабзиала шәымҩа хацнаркит. А.М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны  шәдырреи шәԥышәеи еиҳагьы ихашәырҭәааит.  Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аус ахьыжәуаз агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» («Аԥсны»), ахәыҷтәы журнал «Амцабз» рҟны аԥсҭазааратә ԥышәа шәоуит.  Шықәсарацәала инеиԥынкыланы шәааԥсара адышәҵеит ашәҟәҭыжьра аус,  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа акыр шықәса аредактор хадас, нас анапхгаҩыс шәаныҟаз еиҳагьы иааԥшит ишәылаз аиҿкааратә баҩхатәра. Шәнапы злакызаалакгьы, еснагь арҿиара агәацԥыҳәара шәыцын, аҩымҭа ҿыцқәа аԥышәҵон, шәыхьӡгьы есааира аԥхьаҩцәа ирылаҵәон. Абасала, еснагь алитературатә ԥсҭазаара шәалагылан, иахьа уажәраанӡагьы иааиԥмырҟьаӡакәа амилаҭтә литература аҿиара шәылаԥш ахуп, шәрызҿлымҳауп ицәырҵуа аҩымҭақәа, ахьӡ ҿыцқәа.

Еиҵагыло абиԥарақәа адоуҳатә культура рылааӡараҿы, аԥсуа милаҭтә литература агәыблра дыркраҿы, шәара шәеиԥш иҟоу ахатәрақәа еснагь иҿырԥшыгоуп, ишәҿырҵаауа рацәоуп. Избан акәзар, шәара шәабиԥара иаҵанакуа анысит имариамыз амҩа, аха уи гәылҭәаан арҿиаратә қәҿиарақәа рыла.

1952 ш. раахыс шәҩымҭақәа ркьыԥхьуеит ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», Москватәи ажурналқәа: «Звезда», «Наш современник», «Молодая гвардия» уҳәа,  агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны», «Советская Абхазия», «Литературная газета», «Литературная Абхазия», алитературатә еизга «Ерцахә», аизга «Ахаҵарашәа» (Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа). Шәажәеинраалақәа жәпакы агәылалеит «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; 2009).

Ҩажәеихәба инареиҳаны  ажәеинраалақәеи, абалладақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, аповестқәеи еидызкыло ашәҟәқәа, иара убас ароманқәа «Ашьацҳәа», «Ақьачақьцәа», иажәеинраалоу ароман «Ахаҳәраҳа»  ҭшәыжьхьеит. Шәҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, аукраин, аерман уҳәа егьырҭ абызшәақәа рахь.

Шәара шәеицырдыруеит еиҭагаҩк иаҳасабалагьы. Аԥсшәахь еиҭажәгеит А. Пушкин, Р.Биорнс, С.Есенин, Г.Лорка, Н.Ҳиқьмеҭ, Л.Украинка, С.Михалков, Е.Евтушенко, Ч.Аитматов, Ҟ.Кулиев, Џь. Лаҩыцә уҳәа рҩымҭақәа.

Амилаҭтә литература арҿиарҿы злагала шьардоу, зымҽхак ҭбаау арҿиаҩы ишәылшәыршахьоу рацәоуп аԥсуа поезиа аӡыргараҿы, ҟазара дула ажәеинраалақәа рыԥхьарала, алитература абзиабаҩцәа рыларҵәарала. Аригьы абаҩхатәра ҷыда зҭаху акоуп, шәара уи ҳазшаз ишәылеиҵеит. Шәҩымҭақәа ракәзар, рхатәы бжьы рхоуп, аԥхьаҩцәа ирзааигәоуп, избанзар аԥсуа цәа рыҟәнуп, ҳмилаҭ ргәеисыбжь рыҵубаауеит.

Зырҿиаратә мҩа ҭбаау ашәҟәыҩҩы, аханатә еиԥш, шәабжьага ажәа акраҵанакуеит аиҵбацәа рзы, уи еснагь ихәарҭоуп. Иахьа алитература амаҵ азызуа; аиҳабацәа реиԥш, аиҵбацәагьы шәышҟа, шәыҩнаҭахьы ианымҩахыҵуа шәреигәырӷьоит, шәара шәзы жәҩангәашәԥхьароуп, шәгәалаҟара шьҭнахуеит. 

Акыр шықәса раахыс  амилаҭтә литературеи акультуреи рымаҵ зуа, аихьӡарақәа ҟаимаҭқәа аазырԥшхьоу, агәабзиара аԥхьа инаргыланы аԥсуа иқәранҵыра ду ҳазшаз ишәаҭәеишьааит. Шьардаамҭа шәыԥсадгьыли жәыжәлари шәрыгымзааит

 Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла