Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ОНЛАИН-КОНКУРС АҞНЫ ИАЛКААХАЗ АДИПЛОМҚӘЕИ АҲАМҬАҚӘЕИ РАНАШЬАН





19.11.2020

 Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Редгыла аҧшьгарала, раҧхьаӡа акәны онлаин-конкурс рылаҳәан аҧсуа поетцәа ражәеинраалақәа ҿырҳәала рыҧхьаразы.

Аконкурс иалахәхар рылшон 15 ш. инаркны 25 ш. зхыҵуа ирыҵанакуа аҿар.

Аусмҩаҧгатә аҽалархәра агәаҳәара змаз досу иқәгылара авидеонҵамҭа 4-минуҭк иреиҳамкәа инарышьҭыр акәын Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аелектронтә ҧошьҭа ашҟа. Аконкурс алҵшәақәа реихшьаларазы ҷыдала иаҧҵан ажиури, уи аилазаараҿы иҟан ҳаамҭазтәи апоетцәеи апрозаикцәеи.

Ирылаҳәаз аконкурс аҵҟараҿы излазгәаҭаз ала, ажиури аконкурс ахь инашьҭыз авидеонҵамҭақәа заа ирыхәаҧшит, маӡала абжьыҭираан досу иаликааз рахьтә ибжьы зиҭашаз идыруан.

Аконкурсалахәцәа досу иалихыр ауан дзыҧхьашаз ажәеинраала; ажәеинраалақәа рцикл ахәҭак; иара убас апоема ацыҧҵәаха. Еиӷьны иаҧхьаз ралкаараан изызхьаҧшуаз аҟазшьақәа иреиуан: аҧхьараан ажәақәа ииашаны рҳәара; ажәа аҟны ақәыӷәӷәара ақәныҟәара; ааҭгылара ацклаҧшра; аҧхьашьа иахәҭоу атемп алхра; зда ҧсыхәа ыҟам аинтонациа хшыҩзышьҭра аҭара; агха ҟамҵакәа аҧхьара; ажәеинраала ахаҭа аҵакы адкылашьа; ажәеинраала аҧхьараан досу ииашаны ибжьы ашьақәыргылара; артист иҟазшьақәа раарҧшра уҳәа акыр.

Аконкурс иалахәхеит Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтә ашколхәыҷқәа, астудентцәа, иара убас актиорцәа ҿарацәа руаӡәк.

Абжьыҭираан иалкаахон иреиҳаны абжьқәа зауз хҩык. Досу шаҟа бжьы иоуз ала ишьақәыргылахон иааникылаз аҭыҧ. Абасала, Актәи аҩаӡара адиплом даҧсахеит Гәылрыҧшь араион Уарчатәи абжьаратәи ашкол ажәеизатәи акласс аҵаҩы Ҳаџьараҭ Џьопуа (даҧхьон Р.Смыр иажәеинраала «Зосим Абыџба»), Аҩбатәи аҩаӡара адиплом ланашьоуп Гагратәи актәи абжьаратәи аҧсуа школ аҵаҩы Ҳамида Габлиа (даҧхьон В.Амаршьан иажәеинраала «Аҧсуа кәаскьақәа»), ахҧатәи аҩаӡара – абжьқәа злеиҟарахаз ала, хҩык еицеиҩыршеит (ахҩыкгьы иранашьоуп). Абар даргьы: Гәылрыҧшь араион Ԥшьаҧтәи абжьаратәи ашкол ажәабатәи акласс аҵаҩы Елана Џьынџьал ( Р.Смыр – «Зосим Абыџба»), Аҟәатәи аабатәи абжьаратәи ашкол ажәабатәи акласс аҵаҩы Сырма Гемуа (Гь. Чачба – «Уарада»), Очамчыра араион Ҷлоутәи абжьаратәи ашкол ажәабатәи акласс аҵаҩы Марица Џьопуа (Б. Шьынқәба – «Ашәҭ).

Ажиури аилатәараҿы излаӡбаз ала, ҷыдала иаҧҵан аноминациақәа ҩба: «Ҟазарала аҧхьара азы», «Апоезиа абзиабара азы». Ажәеинраала ҟазарала аҧхьаразы аноминациаҿы далкаан актиор ҿа Ахра Кәарҷиа (даҧхьон Т. Аџьба иажәеинраала «Ауаа рныҳәаҿа», М. Лашәриа иажәеинраала «Аҵыхәтәантәи агәыӷра»); «Апоезиа абзиабара азы» – Очамчыра араион Ҭхьынатәи абжьаратәи ашкол ажәеизатәи акласс аҵаҩы Гәдиса Гәарамиа (М. Лашәриа – «Аҧыза»).

Ноиабр 19 рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла абзоурала еиҿкаан аконкурс аҟны аиааира згаз рҧылара, аиқәшәараҿы аҧхьахәқәа аанызкылаз адипломқәеи аҳамҭақәеи ранашьан. Урҭ рнапаҿы ирырҭеит ашәҟәыҩҩцәа Вахтанг Аҧҳазоу, Терент Ҷаниа, Анатоли Лагәлаа, Гәында Сақаниа, Гәында Кәыҵниа, Заира Ҭҳаиҵыкә, Аҧсны аҵара аминистрра ахаҭарнак Гәында Аӡынба.

Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгареи ажиури иалаз ашәҟәыҩҩцәеи реиҧш, аусмҩаҧгатә иалахәын ҳтәыла араионқәа рҟнытә аҵара аҟәшақәеи ашколқәа рырҵаҩцәеи рхаҭарнакцәа.