Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ажәабжьқәа



ФЕВРАЛЬ 21 РЗЫ АԤСУА ЛИТЕРАТУРА АШЬАҬАРКҨЫ, АԤСНЫ ЖӘЛАР РПОЕТ ДЫРМИТ ИОСИФ-ИԤА ГӘЛИА ДИИЖЬҬЕИ 147 ШЫҚӘСА ҴУЕИТ

Дырмит Иосиф-иҧа Гәлиа диит 1874 ш. февраль 21 рзы Аҧсны, Уарча ақыҭан (иҧсҭазаара далҵит - 07.04.1960). Арккаҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист. Аҧсны ашәыҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (1928), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла (1934). Аҧсны жәлар рпоет (1937), Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа (1929) Д.Гәлиа ианашьан Ленин иорден (1949). Дыҩуан аҧсышәалеи (асахьаркыратә ҩымҭақәеи астатиақәеи) урысшәалеи (астатиақәеи аҭҵаамҭақәеи).

Анаҩс

АԤСНЫ ИАЗКУ АҬЫЖЬЫМҬА ҶЫДА

Урыстәыла, Екатеринбург 2005 ш раахыс иҭыҵуа алитература-сахьаркыратә аҭоурых-тәылаҿацәҭҵааратә журнал «Веси» аҧхьаҩцәа ирылаҵәахьеит. Уи аҧырҵеит Свердловсктәи аобласт Аиҳабыреи «Акультуратә информациа абанки». Аредактор хада – Е. Артиомов, атираж – 3000 цыра ыҟоуп. Урысшәала иаҧхьо ахьыҟоу 80 инареиҳаны атәылақәа рҟны ахаҭарнакрақәа ироуеит.

Анаҩс

ДҲАԤХЕИТ ТЕРЕНТ ҶАНИА

Иҧсадгьыли иуаажәлари дрыҧхеит зыҧсҭазаара зегьы аҧсуа милаҭтә литература, адоуҭатә культура арҿиара иазкыз, еицырдыруа апоет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Терент Ҷаниа.

Анаҩс

ИНАЛУКААША АԤСУА ШӘҞӘЫҨҨЫ МИХА ЛАКРБА ДИИЖЬҬЕИ 120 ШЫҚӘСА ҴУЕИТ

Еицырдыруа аҧсуа шәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, асценарист, атеатрҭҵааҩы Миха Алеқсандр (Аҳмаҭ)-иҧа Лакрба диит (19.01.1901) Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Гәылрыҧшь араион) Мархьаул ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит – 15.10.1965) –. Аҧсны аҟазара зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1938) Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Асахьаркыратә ҩымҭақәа иҩуан аҧсышәала, астатиақәеи аҭҵаамҭақәеи – урысшәалеи аҧсышәалеи.

Анаҩс