Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ажәабжьқәа



ИАХЬА 70 Ш. ИХЫҴРА АИУБИЛЕИ АЗГӘЕИҬОИТ АԤСУА ПОЕТ, АҬОУРЫХҬҴААҨ, АИҬАГАҨ, АУААЖӘЛАРРАТӘ УСЗУҨЫ ДЕНИС ЧАЧХАЛИА

Ҳаамҭазтәи аԥсуа рҿиаҩцәа қәҿиарала ирылагылоу, СССР-и, Аҧсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, урысшәалеи аҧсышәалеи иҩуа арҿиаҩы упоезиеи, уеиҭагақәеи, уҭҵаамҭақәеи аԥхьаҩцәа ирылаҵәеижьҭеи акыр ҵуеит.

Анаҩс

«АХЬЫРҴӘАҴӘА»

30 шықәса раҧхьа Аҟәа, ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» иҭнажьит Аҧсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ишәҟәы «Ахьырҵәаҵәа». Уи еиднакылеит аҧсуа жәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәеи ретнографиатә бзазара иадҳәалоу аматериалқәеи. Жәлар рпоезиа иаҵанакуеит, ақьабзтә, аепикатә поезиа, аҭәҳәақәа, аҭоурых-фырхаҵаратә ашәақәа, абзазаратә ашәақәа уҳәа. Жәлар рпроза ажанрқәа: Афырхаҵаратә епос (Нарҭаа, Абрыскьыл), алакәқәеи, амифқәеи, алегендақәеи уҳәа егьырҭгьы.

Анаҩс

ДОУҲАЛА ИҲАЦУ АПОЕТ БОРИС ГӘЫРГӘЛИА

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аҟны имҩаҧысит еицырдыруа аҧсуа поет, апрозаик, алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Борис Алмасхан-иҧа Гәыргәлиа диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы. Аусмҩаҧгатә иахаҵгылеит, аиҿкаара иацхрааит Амилаҭттә библиотека анапхгареи аусзуҩцәеи.

Анаҩс

АПОЕТ, АԤСАДГЬЫЛ АХЬЧАҨ САИДА ДЕЛБА

Апоет Саида Делба дҳалагылазтгьы 55 шықәса лхыҵуазаарын.

Анаҩс