"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Аҩажәатәи ашәышықәса аҩбатәи азбжа алагамҭазы аԥсуа доуҳатә культура, амилаҭтә литература аҿиара аамҭа ҿыц иананылоз иаццәырҵит 1955 шықәсазы аԥсышәала зҭыжьра хацыркхаз алитература-са¬хьар¬кыратә ауаажәларра-политикатә журнал ҿыц «Алашара». 1930-тәи ашықәсқәа инадыркны Сталин иаамҭа еиқәаҵәақәа ииасаанӡа ҳажәлар ирхыргаз ахьанҭарақәа рышь¬ҭахь, аамҭа ҿыц ааира иабзоураны...
Аԥсуа поет, апублицист, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Лариса Заабеҭ-иԥҳа Макачаа-ԥҳа 70 шықәса шәхыҵра аиубилеи шәыдаҳныҳәалоит. Алитература ашҭа шәанынҭала нахыс гәыкала уи амаҵ жәуеит.
Еицырдыруа аҧсуа поет, апрозаик, СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла Қьаазым Ҟараман-иҧа Агәмаа диит 1915 ш. маи 1 азы иахьатәи Очамчыра араион Ӷәада ақыҭан.