Арҿиаратә еидгылақәа раҧҵара апроцесс раҧхьаӡа иргыланы ихацыркхеит Урыстәыла 1917 ш., ҩ-револиуциак (Февральтәи Октиабртәи) рышьҭахь. Уи аҽарӷәӷәеит 20-тәи ашықәсқәеи 30-тәи ашықәсқәеи рылагамҭеи раан, еиҳаракгьы Москвеи Петрогради. Арҭ ашықәсқәа рзы ицәырҵуа иалагеит еиуеиҧшым алитературатә хырхарҭақәа еиуеиҧшым аидеологиатәи аестетикатә ҳәаақәҵареи рыцны. Урҭ лассы-лассы уасхырс ироуан апоетцәеи апрозаикцәеи еиуеиҧшымыз реидҵарақәа. Иҭрыжьуан рхатә газеҭқәа, ажурналқәа, альманахқәа. Убас еиҧш апроцессқәа мҩаҧысуан ҧыхьатәи СССР аидгылатә республикақәа рҟны, Аҧсны убрахь иналаҵаны (1921-1931 шш. – ССР Аҧсны).
20-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭаз ССР Аҧсны арҿиаратә интеллигенциа рҽазыршәеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧҵара. 1925 ш. есымчыбжьатәи абӷьыц «Аҧсны - страна души» (агазеҭ «Трудовая Абхазия» ианвар 15) агәлаҵа аҟны икьыҧхьын Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧҵаразы аҧшьгаратә гәыҧ ааҧхьара. Аха, егьа ус акәзаргьы, уи аҧҵара залыршамхеит.
1928 ш. иаҧҵан Аҧсны апролетартә шәҟәыҩҩцәа Рассоциациа. Уи аҧхьаҟазы ишьақәгылараны иҟаз Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧхьа ицәырҵит.
1932 ш. апрель 23 рзы ВКП (б) Ацентртә Комитет иаднакылеит алитература-сахьаркыратә еиҿкаарақәа реиҭакразы ақәҵара (акьыҧхь ианылеит апрель 24 рзы). Убасҟан ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧҵаразы А. М. Горки хадас дзауз аиҿкааратә комитет СССР ашәҟәыҩҩцәа Зегьеидгылоутәи 1-тәи реизара ду азырхиара напы аркын.
1932 ш. Аҧснгьы ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ашьақәыргыларазы С. И. Ҷанба хадас даманы аиҿкааратә хеилак шьақәыргылан. 1933 ш. Аҧснытәи Асовет шәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧҵан (ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ҳәа ишьақәгылоит). Уи аилазаарахь иалалеит шамахамзар Аҧсны иҟаз ашәҟәыҩҩцәа зегьы, аҧсуаа рымацара ракәымкәа, урысшәала, абырзен, аерман, ақырҭуа бызшәақәа рыла иҩуазгьы.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла раҧхьатәи ахантәаҩыс дыҟан С. И. Ҷанба (1933-1937). (С. И. Ҷанба харада ахара идҵаны Бериа имаҵуцәа даныршь ашьҭахь, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс далхын Л. Б. Кәыҵниа (1938-1939). Анаҩстәи ашықәсқәа раан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩцәас иҟан: Г. Д. Гәлиа (1940-1945), Хә.С. Бӷажәба (1945-1948), И. К. Ҭарба (1948-1953, 1958-1979), Б. У. Шьынқәба (1953-1958), М. Т. Лашәриа (1979-1986), А. Н. Џьонуа (1986-1989), А. Н. Гогәуа (1989-1997), Б. А. Гәыргәлиа (1997-2002), Г. Шь. Аламиа (2002-2004), Н. Ҭ. Кәыҵниа (2004-2010), Т. М. Ҷаниа (2010-2011), А. Кә Мықәба (2011-2016), В. В. Аҧҳазоу 2016 – 2022, 2022 ш. апрель 27 рзы ҩаҧхьа ахантәаҩыс далхуп.
1934 ш. август 17 – сентиабр 1 рзы Москва имҩаҧысит асовет шәҟәыҩҩцәа актәи зегьеидгылоутәи реизара ду. Абраҟа ишьақәнарӷәӷәеит арҿиаратә еидгыла ду – СССР асовет шәҟәыҩҩцәа Реидгыла (ашьҭахь – СССР ашәҟәыҩҩцәа ҳәа ишьақәгылаз). Аҧснынтәи делегатс аизара ду далахәын С. И. Ҷанба. Аҧсны дахаҭарнакны уи СССР асовет шәҟәыҩҩцәа Реидгыла Аревизиатә комиссиа аилазаарахь далхын.
Сталин данҧсы, Бериа даныршь ашьҭахь аиаша ашьақәыргыларазы агәыӷра ҟалеит. 1954 ш. аҧсуаа уаанӡа ирымаз акириллица шьаҭас измоу анбан ашҟа аиасразы аҭагылазаашьа роуит. Аҧсуа бызшәа ахьышьҭрахь ихынҳәит, амилаҭ культура аиҭаҿиара амҩа ианылеит.
Абри аамҭазы алитературатә периодикатә журнал аҭыжьразы азҵаара ықәгылеит. Имариамыз ари апроблема аӡбра ҽазҵәылхрала дазааҧсон Д. И. Гәлиа, акырӡагьы ҵуан убас еиҧш иҟаз аҭыжьымҭа ихәыцра иалеижьҭеи. Ари азҵаатәы даараӡа иадгылеит аҧсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы. Убас, 1955 ш. аҭыҵра иалагеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иаҧнаҵаз алитература сахьаркыратә, ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара». Ари хҭыс дуны иҟалеит аҧсуа доуҳатә культура аҿиараҿы. Аҧсны аҭоурых аҟны, амилаҭтә культураҿы иҟамлацызт иааиҧмырҟьаӡакәа аҧсуа журнал ҭыҵуа. «Алашара» - иахьа уажәраанӡагьы иааиҧмырҟьаӡакәа иҭыҵуа литературатә журналзыҵәык акәны иҟоуп.
Хара имгакәа акрызҵазкуаз культуратә хҭысны иҟалеит иара убас сахьахкыла еиқәыршәоу ахәыҷтәы журнал «Амцабз» 1957 ш. инаркны аҭыҵра аҧшьгара.
2013 ш. инаркны акәзар, аҭыҵра иалагеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла агазеҭ «Аамҭа».
***
Асахьаркыратә литература аҿиара амҩан акырӡа зҵазкуа, насгьы азҿлымҳара зуҭаша периодуп 60-80-тәи ашықәсқәа ирыҵанакуа, иара убас амилаҭтә литература аҿиара ҳаамҭазтәи аетап, ҳаҧхьаҟазы хазы игоу периодны аҽалнакаар ауеит.
Алитератураҿы ицәырҵыз аихьӡарақәа еиҳараӡак рҽаадыртит апоезиа аҟны алирикатә фырхаҵа ихаҿала, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа рҟны аперсонажқәа рыла, урҭ рҧсихологиеи, рыҩнуҵҟатәи рдоуҳатә рдунеи ааршԥрала.
1960-тәи ашықәсқәа инадыркны ақәҿиарақәа аиуеит аҧсуа драматургиа, ишдыру еиҧш, уи апрозеи апоезиа акыр ирыҵахон. Алитература зегьы аҟны еиҧш, уаҟагьы аиҭакрақәа мҩаҧысуан. Адраматургиа ҿион еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла.
60-80-тәи ашықәсқәа раан еиҳа аҿиара аныҧшит ахәыҷтәы литература. Апоетцәеи апрозаикцәеи аӡәырҩы еиҵагыло абиҧарақәа рааӡаразы уи иамоу аҵакы еилкааны, аҩымҭақәа раҧҵара иалахәын.
Зыӡбахә ҳамоу аамҭақәа рзы акырӡа аҵанакуан аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа егьырҭ абызшәақәа рахь реиҭагара, еиҳаракгьы аурысшәахь. Аҩымҭақәа реиҭагарала аҧсуа литература жәларбжьаратәи аҩаӡарахь анаӡара иацхраауан, иӡырнагон. Хымҧада, араҟа аҭыҧ ҷыда аанныркылеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи.
Ҩеижәижәаба шықәса инеиҧынкыланы аурысшәеи егьырҭ абызшәақәеи рахь еиҭаргон аҧсуа поетцәеи апрозаикцәеи рҩымҭақәа маҷымкәа. Убри инаваргыланы аҧсшәахь еиҭаганы иҭыжьын адунеитә литература аклассикцәа аӡәырҩы рҩымҭақәа.
Абасала, 50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи 90-тәи ашықәсқәеи аҧсуа литература аҭоурых аҟны аҭыҧ ҷыда ааныркылоит. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны амилаҭтә литература, акыр аҵынгылақәа шаиуазгьы, инагӡаны аҿахәы аҳәартә иҟалеит. Иамаз ақәҿиарақәа рыбзоурала ҳтәыла аҳәаақәа ирҭысны аурыс, иара убас адунеи аҧхьаҩцәа рахь ицәырҵит. Арҭ ашықәсқәа раан ишьақәгылеит асахьаркыра-естетикатә традициа ҿыцқәа, ҧхьаҟатәи аҿиара акырӡагьы иацхраауан.
****
Апоезиа аҟны еиҧш, апрозаҿы акрызҵазкуа аҭыҧ ааннакылоит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993). Аибашьраан еиҧш, уи ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы аҧышәара иахысит ажәабжь ажанр, аха нас рҽышьақәдырӷәӷәеит аповести аромани.
Ҳаамҭазтәи алитератураҿы ицәырҵуа иалагеит адокументтә проза.
Асахьаркыратә еиҭагара акәзар, алитературатә процесс иузаҟәымҭхо иамадоуп.
Инеизакны иахьа аҧсуа литература, анс акә, арс акә, иҭышәынтәаланы аҿиара амҩа иануп. Иалкааны жанрк аҧышәара амоуп ҳәа азгәаҭара уадаҩуп алитературатә процесс аҟны. Ҵабыргуп, аиҵахара рныҧшуеит адраматургиеи ахәыҷтәы литературеи.
Ицәырҵуеит апоетцәеи апрозаикцәеи рабиҧара ҿыцқәа, урҭ егьрылшоит абиҧарақәа реимадара аиҧмырҟьара, арҿиара. Агәыӷра ыҟоуп ҳаҧхьаҟазы амилаҭтә литературатә процесс шеиҧымҟьо ала. Араҟа ирыҵанакуа маҷӡам арҿиаратә еиҿкаарақәагьы.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла