Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Анқәаб Владимир Платон-иҧа



Анқәаб  Владимир Платон-иҧа  (23.02.1928, Аҧсны,  Гагра – 14.11.1987, Москва) – апоет, алитератураҭҵааҩ, ауаажәларратә усзуҩы. .

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны дырҵаҩын, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат аҧсуа литература акафедра деиҳабын, доцентын. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аҧсышәала.

Абжьаратә школ даналга, 1954ш. дҭалоит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт, 1956 – 1961 шықәсқәа раан А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны аҵара иҵон. 1968 – 1970 шықәсқәа рзы акәзар, Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аспирантура дҭан. 1970 ш. ихьчеит акандидаттә диссертациа М.Лакрба ипрозеи аҧсуа новеллеи ирызкны.

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Владимир Анқәаб арҵаҩратә институт (ашьҭахь – ауниверститет) аҟны 1975 ш. инаркны аҧсуа литература акафедра деиҳабын. «Аҧсуа шәҟәы» ҳәа хьӡыс изауз знапы аҵаҩыз 130-ҩык  дыруаӡәкын. Уи дахырҟьаны акафедра анапхгара аҟнытә ихы дақәиҭтәын.

 1954 ш. агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») ианылеит раҧхьатәи иажәеинраалақәа. Анаҩс иажәеинраалақәеи алитератураҭҵаара иазкыз истатиақәеи рнылон ажурнал «Алашара», агазеҭ «СоветскаяАбхазия».

Жәаба инареиҳаны ипоезиатә рҿиамҭақәеи алитератураҭҵаара иазку иусумҭақәеи хазы шәҟәқәаны иҭыҵхьеит.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Сышьха ӡиас. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1958; Бзыҧ аҧшаҳәа. Ажәеинраалақәеи абалладақәеи. Аҟәа,1960; Сара сыбзиабара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1964; Абрыскьыл. Ажәеинраалала иҩу ароман. Аҟәа,  1966, 1978;  Сышьха каҵәара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,1971; Асхыс. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа,  1975; Ааҧыни анаҟәи. Ажәеинраалала иҩу ароман. Аҟәа, 1980; Иалкаау. Сышьха ӡиас. Ажәеинраалақәа, апоемақәа, ароман. Аҟәа, 1989; Иҩымҭақәа: х-томкны, 1 – 2-тәи атомқәа, 2010 – 2011; аҭҵаарадырра иазку: Аҧсуа новеллақәа. Алитература-критикатә очеркқәеи, астатиақәеи, арецензиақәеи. Аҟәа, 1968; Аҧсуа проза ашьақәыргылареи аҿиареи (1918 – 1948 шш.). 1979;  аурысшәахь еиҭаганы иҭыжьуп:  Жизнь продолжается. Ажәеинраалақәа. М., 1965; Абрыскил. Ажәеинраалала иҩу ароман, М., 1972.