Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аџьынџьал Анатоли Ҭархәына-иҧа



Аџьынџьал Анатоли Ҭархәына-иҧа (06.06.1930, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – 12.11.1977, Аҧсны, Аҟәа ақалақь) – аҧсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ. СССР-и (1959) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Дрылгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭа (1951) , А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт (1956), Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт Иреиҳау алитературатә курсқәа (1974).

Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа данҭаз. Иҩымҭақәа ркьыҧхьуан 1948 ш. инаркны. Иажәеинраалақәа (аҧсышәалеи, И. Вронски, М. Борисова, А. Дементиев, Д. Чачхалиа аурысшәахь еиҭаргази) ркьыҧхьуан ажурналқәа «Алашара», «Аҟәа-Сухум», «Абаза», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», алитературатә еизга «Ерцахә» уҳәа егьырҭгьы.

Иҟан апоет иҩымҭақәа анырымкьыҧхьуаз аамҭақәагьы. Иажәеинраалақәа рыхәҭак агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа» (М., 1958, урысшәала), «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009) уҳәа егьырҭ аизгақәа.

Жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи апрозатә ҩымҭақәеи реизгақәа дравторуп.

А. Аџьынџьал дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Аҧсшәахь еиҭеигеит аурыс, аукраин, ауаҧс, ақырҭуа, ачерқьес, абаза, аногаи  поетцәеи апрозаикцәеи: Л. Толстои, В. Верховски, В. Орелкин, Т. Ч. Шевченко, Лесиа Украинка, К. Л. Хетагуров, , Г. Н. Леониӡе, М. Мирнели, А. Ханфенов, Џь. К. Лаҩыцә, П. К. Цеҟәа,  М. Х. Чкәуту, И. А. Цеҟәа, М. С.-Г. Тлабыча уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Игәакьоу асахьақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1957; Амҵәыжәҩақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1959; Ажәабжь кьаҿқәа. Аҟәа, 1961; Амҩақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1965; Ацәашьы иаҵәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969; Ааҧнуп макьана. Ажәабжьқәа. Аповест. Аҟәа, 1971; Ахаҳәқәа рышәшьыраҿ. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1972; Аҩадатәи аҧшақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974; Ари адунеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1976; Амшын шкәакәа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1979; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1980; Ажәеинраалақәа. («Иалкаау аҧсуа лирика» асериала). Аҟәа, 1984; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Ажәабжьқәа. Аповест. Аҟәа, 2010; аурысшәахь аиҭагақәа: Улья. Стихи. Сухум, 1967; Белая Земля. Стихи. М., 1975.