Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧҳазоу Вахтанг Владимир-иҧа



Аҧҳазоу Вахтанг Владимир-иҧа (29.09.1958, Аҧсны, Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан) – апоет, ажурналист, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы.  Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2003), Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2019), СССР ажурналистцәа Реидгылеи (1985), ажурналистцәа Реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаареи Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи дрылоуп  (1992). Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2016, ажәеинраалақәа реизга «Зымцахә еиқәу» азы). Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист ҳәа аҭаҭыртә хьӡы ихҵоуп, ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Дыҩуеит аҧсышәала (асахьаркыратә ҩымҭақәеи астатиақәеи) урысшәалеи (астатиақәа).

С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ахҧатәи абжьаратәи аҧсуа школ далгеит (1975). 1981 ш. акәзар, иреиҳау аҵара хиркәеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны.

1981 ш. инаркны  аусура далагеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны»)  аредакциаҿы  аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩс, 1985 ш. ииун нахыс корреспондент еиҳабыс, 1992 ш. инаркны  ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаара аҟәа аиҳабыс диаргоит. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993)   агазеҭ «Аҧсны» арратә корреспондентын. Аибашьра ашьҭахь Аҟәа агазеҭ «Аҧсны» аредакциаҿы иусура иациҵоит. 1994   ш. нахыс  аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша  аредакторс аус иуан.  1996  ш. ҩаҧхьа ауаажәларра-политикатә  ҧсҭазаара аҟәша аредакторс  диаган. 2010 ш. инаркны Аҧсуара азҵаатәқәеи арепатриациеи рыҟәша аредакторс дыҟан. 2012 ш. ианвар инаркны  - алитературеи, аҭҵаарадырреи, аҟазареи, акультуреи рыҟәша аредакторс.

2010-2016 шш. раан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩси Алитфонд аиҳабыси аус иуан.  2013 ш. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла агазеҭ «Аамҭа» аредактор хада имаҵура  дахадыргылоит.  2016 ш. декабр 7  раахыс Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟоуп.   2011-2015 шш. раан напхгара аиҭон Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы (иахьа - аминистрра) иҭнажьуаз агазеҭ «Аҧсадгьыл агәеисыбжь». Аҧшьгаҩс дамоуп,  аиқәыршәаҩцәагьы дыруаӡәкуп аҭыжьымҭа «Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа. Абиобиблиографиатә жәар».

В. Аҧҳазоу раҧхьа акьыҧхь аҟны дцәырҵит апоезиа ала. Ихаҭа излазгәеиҭо ала, апоезиа  иазхьаҧшра рыбзоуроуп амилаҭтә литература аклассик И. А. Коӷониа ирҿиамҭақәа. Дхырхит иналукааша апоет ипоезиа иаҵоу аҧшӡареи абызшәа ацқьареи. В. Аҧҳазоу ахәбатәи акласс аҟны дантәаз иҩит раҧхьатәи иажәеинраалақәа, ашьҭахь урҭ рахьтә иҟоуп Очамчыратәи араионтә газеҭ «Акоммунизм ахь» (иахьа – «Ерцахә») ианылаз, иара убас ажурнал «Амцабз». Уи нахыс иажәеинраалақәа рнылон ажурнал «Алашара», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Республика Абхазия», аизга «Еҵәаџьаа», 1989).

Иажәеинраалақәа агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа. XX ашә.», (Аҟәа-Москва, 2001;  аҧсышәала; аҩбатәи аҭыжьымҭа – Аҟәа-Москва, 2009). Аурысшәахь еиҭаганы иажәеинраалақәа ркьыҧхьхьеит: Москватәи «Общеписательская Литературная газета», Самаратәи алитература-сахьаркыратә журнал «Русское эхо» (2013, №4), Москватәи алитература-сахьаркыратә журнал «Поэзия (2013. №2), ажурнал  «Смена» (2015, №6), иажәеинраалақәа еиҭагоуп иара убас аерман, асерб, аҭырқә бызшәақәа рахь.

Апоет ирҿиараҿы аҭыҧ ҷыда ааннакылоит апублицистика, ианапы иҵиххьеит аҳәаанырцәтәи аҧсуааи Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Германиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа уҳәа рҟны иҟоу  аҧсуа культуратә хеилакқәа реимадареи ирызку алитература-сахьаркыратә очеркқәа. Уи дырҵабыргуеит акымкәа-ҩбамкәа иҭыжьу аизгақәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Еимгеимцарак. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1989; Кындыӷ – имӷьац ахәрақәа. Астатиақәеи аочеркқәеи.  Аҟәа, 1998; Аешьа илакҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,2000;  Амцахара аамҭа. Астатиақәеи аочеркқәеи.  Аҟәа, 2002;  Ахьышьҭрахь амҩа. Астатиақәеи аочеркқәеи. Аҟәа, 2004. Мышьҭабзиа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,2005;  Амҩақәа ахьеихало. Асахьаркыратә-публицистикатә очеркқәа.  Аҟәа, 2006; Аӡышхәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008;  Аӡха. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011;  Зымцахә еиқәу. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 2015; Сразҟы иалоу. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 2018; аурысшәахь аиҭага:  Родник бессмертия.  Ажәеинраалақәа. М., 2018;  аҭырқәшәахь аиҭага: Амцахара аамҭа. Астатиақәеи аочеркқәеи. Сҭампыл, 2013.