Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҳашба Инна Никәала-иҧҳа



Аҳашба Инна Никәала-иҧҳа (20.05.1953, Аҧсны, Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа — 25.09.2023) – аҧсуа поет, апублицист. СССР-и  (1989) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1979). 1977 ш. инаркны аусура далагеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы корреспондентс. 1985 ш. нахыс Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредакторс дыҟан, ашықәс анҵәамҭаз диасуеит ажурнал «Алашара» аҟәша аиҳабыс. 1995 ш. инаркны Д. И. Гәлиа Илитература-мемориалтә ҩны-музеи деиҳабын. 2003-2005 шш. раан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд аиҳабыс дыҟан. 2007 ш. инаркны 2023 сентиабр азынӡа ажурнал «Амцабз» аредактор хадас аус луан.

Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1972 ш. инаркны. Лажәеинраалақәеи, лочеркқәеи, лстатиақәеи рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Абаза», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва); аизгақәа: «Однажды в апреле. Ажәеинраалақәа» (Қарҭ, 1982), Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа» (Аҟәа-Сухум, 1995); «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009) уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Имаӡоу адунеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,1981; Сгәыӷра бӷьыцқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Ашәахәақәа рхац. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986; Схәыцрақәа рааҧын. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1990; Адгьыл ахьаа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1995; Абжьы маӡа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2003; Аеҵәақәа рымца. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2003; Аҧҽыхақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2005; Аӡаӡа еимхәыцқәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2006; Абзиабароуп адгьыл еиқәзырхо. (Аочеркқәеи астатиақәеи). Аҟәа, 2007; Асыҧса цырцырқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008; Мцакәаша. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2009; Сыблаҷыцқәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2011; Аҧшанаҩ. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2013; Аизга. 2-шәҟәыкны. Актәи ашәҟәы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2013; Аҩбатәи ашәҟәы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2015.