Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Бараҭелиа Нури Тарас-иҧа



Бараҭелиа Нури Тарас (Ҭахәыц)-иҧа (05.05.1912, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Тамшь ақыҭа) – 19.04.2000) – аҧсуа шәҟәыҩҩы. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Аҟәатәи Ашьхаруаа ршкол аҟны. Иҵара хиркәшаанӡа, 1935 ш. аусура далагеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны) аредакциаҿы. 1935-1939 ш. ш. раан – Очамчыратәи араионтә газеҭ «Абольшевик мҩа» аредакторс дыҟан. Ашьҭахь, ҩаҧхьа дхынҳәит «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциахь, напхгара аиҭан апартиатә ҟәша. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) аан афронт ахь дцоит. Аӷацәа дрытҟәоит, аха уантә дыбналоит, апартизанцәагьы иҽрымеидоит. Ашьҭахь, дахьыртҟәахьаз инамаданы ддырбаандаҩуеит, абахҭагьы дҭаркуеит. Ихы дақәиҭыртәуеит 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭаз. Аҧсныҟа даныхынҳә Н. Бараҭелиа аус иуан ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аҟны, 1971 ш. атәанчара ашҟа диасаанӡагьы уи амаҵ иуан.

Н. Бараҭелиа дырдыруеит хәыҷтәы шәҟәыҩҩны. Иажәабжьқәеи илакәқәеи, рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия» уҳәа егьырҭгьы.

Иҭижьит 10 инареиҳаны ашәҟәқәа.

Аҧсшәахь еиҭеигеит абаза шәҟәыҩҩы З. К. Хачукови аҟабарда прозаик А. Т. Шортанови ражәабжьқәа, акьыҧхьгьы рбеит ажурнал «Алашара» аҟны (1965, №3; 1972, №4).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аԥашәыркра. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. Аҟәа, 1959; Аиаша умҩа арлашоит. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 1962; Ага бӷьыци ашьха бӷьыци. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1964; Агәи абзи. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1967; Ашәаԥшь иаԥылаз. Ажәабжьқәа. Алакәқәа. Аҟәа, 1971; Аӡыхьқәа рҩашхоит. Ажәабжьқәеи алакәқәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1973; Раԥхьатәи ашьаҿа. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа, алакәқәа, ажәамаанақәа. Аҟәа, 1979; Емхы Ҭемырҟан. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1981; Иалкаау. Ажәабжьқәеи алакәқәеи. Аҟәа,1982; Ихәыҷызаргьы иулшо. Ажәабжьқәеи, алакәқәеи, аиуморқәеи. Аҟәа, 1985; Ардәына-ҿықә-ҿықә. Ажәабжьтқәеи алакәқәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1989; Аӡыркәи ԥагьа хәыҷы. Алакәқәа. Аҟәа, 2012.