Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Бебиа Екатерина Гьаргь-иҧҳа



Бебиа Екатерина Гьаргь-иҧҳа (20.11.1958, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа) – афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (2001), апрофессор, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи Реидгылақәа рлахәыла, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист (2013), Аҧсны иреиҳау аҵара зҽаҧсазтәыз аусзуҩы  (2017). Иланашьоуп «Агәымшәаразы» амедал (1995), «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Кәтолтәи абжьаратә школ даналга (1965-1975) ашьҭахь дҭалеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет (1975). Аҧшьбатәи акурс аҿы дыштәаз диаган Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ахь (1978).

Ажурналистика азанааҭ ала Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет далгеит диплом ҟаҧшьыла (1981). Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны дҭалеит аспирантура ажурналистика ахырхарҭала (1984). «Аҧсны апериодикатә кьыҧхь (1904-1917)» атема ала  Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны илыхьчеит акандидаттә диссертациа (1989).  Анаука-ҭҵааратә монографиа «Аҧсны апериодикатә кьыҧхь (1904-1917» хаз шәҟәны иҭыҵит (Санкт-Петербург, 1999).

Аусура далагеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиокомпаниа аҟны (1980) Аҧсуа радио аредакторс.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет  афилологиатә факультет аҟны (1981) раҧхьаӡа акәны ажурналистика иазкны алекциақәа раҧхьаразы ажәалагала ҟалҵеит. Раҧхьаӡагьы алекциақәа раҧхьара иалагаз лара лоуп. Ажурналистика иазкны раҧхьатәи арҵагатә шәҟәқәа, апрограммақәа, аметодикатә цхыраагӡақәа еиқәыршәаны рҭыжьра напы алыркит. Лара илыбзоуроуп ари ауниверситет  аҟны  ажурналистика аҟәшеи уи акафедреи раартра.  ААУ акафедра адоцентс дыҟан (1996), Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра апрофессор ҳәа ахьӡ лхуп (2006).

Аҧсны Аџьынџьтәылатә  еибашьраан (1992-1993) Аҧсны атәылахьчара аминистрра арратә корреспондентс дыҟан. Аус луан аҧсуа телхәаҧшреи арадиои рҟны, иара убас аамҭаказы Москватәи арадио аканалқәа рҟны хатәы корреспондентс дыҟан. Лвидеокамереи лҭыхгеи кны аибашьра амца далсит. Аҭоурых иазынлыжьит аибашьра аамҭазтәи аудиои авидеои нҵамҭақәа жәпакы. Еизылгоз аибашьратә материалқәа рхроникеи акьыҧхь ахь иналгоз лпублицистикатә қәгыларақәеи рзы Аҧсны аинтеллигенциа Рссоциациа еиҿнакааз аицлабра «Аибашьра амшынҵа» аҟны аҧхьахә згаз дыруаӡәкхеит (1993). Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла аибашьра атемала ирыланаҳәаз аицлабраҿ раҧхьатәи алауреатцәа дырхыҧхьаӡалан (1995).

Аибашьра ашьҭахь аус луан Аҧсуа телехәаҧшра атематикатә дырраҭарақәа рредакторс (1993-2018). Аҧсуа радиои ателехәаҧшреи рархив иазынлыжьит 300 радиодыррҭара, 2000 рҟынӡа ателедырраҭарақәа, адокументтә фильмқәа, ателеочкеркқәа.

Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет аҟны  илыхьчеит адоктортә  диссертациа (2002) «Аҧсуа радиои ателехәаҧшреи рҭоурыхтә-культуратә контекст» атемала. Амонографиа «Аҧсуа радиои ателехәаҧшреи рҭоурыхтә-культуратә контекст» хаз шәҟәны иҭыҵит Краснодар (2002). Е. Бебиа лоуп ажурналистика азанааҭ ала аҧсуаа рҟынтә раҧхьаӡа акәны адоктортә диссертациа зыхьчаз.

2010 ш. Ҟәбантәи аҳәынҭқарртә университет ажурналистика аҭоурых акафедра апрофессор ҳәа дшьақәырӷәӷәан. Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет аҟны акандидаттәи адоктортәи диссертациақәа рыхьчара аҵарауаа Рсовет далахәын. Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет аҟны алекциақәа дрыҧхьон (2010-2015).

1981 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа апрофессор Е. Бебиа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәшаҿы алекциақәа дрыҧхьоит еиуеиҧшым амаҭәарқәа рыла.

Е. Бебиа данстудентыз далахәын В.П. Анқәаб напхгара зиҭоз алитературатә кружок. Ажәеинраалақәа лыҩуан, илкьыҧхьуан ажурнал «Алашара» аҟны (1975-1983).  Ашьҭахь ажурналистика лҽалылкит. Хыҧхьаӡара рацәала лстатиақәеи, лочеркқәеи, лышәҟәқәеи, арадиои ателехәаҧшреи рзы лматериалқәеи рызкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) аветеранцәеи, 1930-тәи ашықәсқәа раан  харада ахара зыдҵаны идырӡызи, еиҳаракгьы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) Аҧсадгьыл ахьчаҩцәеи, ахақәиҭра зхы ақәызҵази, иара убас аҧсуа милаҭтә культура аусзуҩцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, аҵарауааи (Н.А. Лакоба, С.И. Ҷанба, В.И. Кәыкба, А.К. Ҳашба, Б.У. Шьынқәба, Н.Ҷ. Ҳашыг, А.Б. Возба, Н.З.Ҭарба, Ш.Хә. Ԥлиа, Б.М. Ҭыжәба, Е.Ф. Басариа, Гә.В. Сақаниа). Автос дрымоуп апублицистикатә шәҟәқәа жәпакы (аҧсышәалеи урысшәалеи), аҭҵаарадырратә монографиақәа хҧа.

Аҭыжьымҭақәа: Ишәаҳәо  анацәкьарақәа. Аочеркқәа.  Аҟәа, 1986; Ицон аишьцәа еибашьра… Аҟәа, 1989; Асабицәа рыҵәаабжь. Аҟәа, 1995; Ҟәланырхәаа рҵеицәа хьӡырҳәагақәа. Аҟәа, 1995;  Силой не возьмешь крылатых. Очерки, статьи, интервью. Санкт-Петербург, 1996;  Уҵеицәа хьӡырҳәагақәа, Кәтол. Аҟәа, 1996; Периодическая печать Абхазии. Монография. Санкт-Петербург. 1997; Дорогами героев. Киев, 1997;  Крик малышей. Киев. 1997;  Аибашьра иҧнашәаз афырхацәа. Аҟәа, 1997; Люди из брони. Сухум-Москва. 1998;  Неугасающий огонь. Краснодар, 2000; Угли родного очага не гаснут.  Аҟәа,  2000; Хьӡы  ргарцоуп ахацәа зиуа. Адокументтә повест. Аҟәа. 2000;  Аҧышәара. Аҟәа, 2000; К штыку прировняв перо… Аҟәа, 2002;  Время и люди. Краснодар. 2002; Абхазское радио и телевидение в историко-культурном контексте. Краснодар, 2002;  Строки из огня. Аҟәа, 2003; Аҩн-ду ааӡамҭацәа Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа. Аҟәа, 2005; Мир ученого. Аҟәа,  2005;  Из истории СМИ Абхазии. - Зыҧсы ҭоу абаҟа. Аҧсны амасса информациатә хархәагақәа рҭоурых аҟынтә. Москва, 2008;  Штрихи из жизни журналиста.  Аҟәа, 2008; Ажурналисттә ҟазара. Арҵагатә шәҟәы. Аҟәа, 2008;  Грани таланта. Ашәаҳәаҩ ҟаза. Б.А. Амҷба изку адокументтә повест. Шәача, 2008; Стойкость. (посвященная героической женщине Т. Авидзба-Эзугбая). Сухум- 2009;  Константин Озган. Адокументтә повест. Аҟәа,  2009;  Избранные (очерки). Сухум-Анкара. 2010; Наш генерал Султан Сосналиев. Анкара. 2010; Книги, написанные сердцем. Москва, 2010; Ахьышьҭрахь ахынҳәра. Аҟәа, 2011; Новый Афон. Адокументтә-публицистикатә шәҟәы. Сҭампыл, 2010; Золотой памятник Абхазии – Бзыпта. Асахьаркыратә-публицистикатә очерк. Анкара, 2010;  Лучи солнечной Абхазии. Анкара, 2012;  Амца иалгоу авидеонҵамҭақәа. Аибашьраантәи ажурналист лвидеоҭыхымҭақәа рыхҳәаа ала ишьақәгылоу ашәҟәы. Анкара, 2012; Журналистика ХХI века: истоки, система, динамика. Е. Бебиа лиубилеи иазкуп. Ҟубантәи аҳәынҭқарратә университет, Краснодар, 2013; Арҵаҩы, аибашьра, аҭынчра… Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз арҵаҩцәа ирызкуп. Аҟәа, 2013; Алыҧшаахқәа. Лучшие из лучших. (Аҧсышәалеи урысшәалеи). Краснодар, 2015;  Инагоу ахьыӡқәа. (Аҧсны иналукааша ауаа ирызку аилкаанҵақәа). Краснодар, 2017; Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет. (Афакультет аҭоурыхтә мҩа аарҧшра иазкуп). Ашәҟәы лыциҩит апрофессор О.П. Ӡиӡариа), Аҟәа-Сҭампыл, 2017; Бебиаа ҳабшьҭра (аҭоурыхтә-документалтә повест). Аҟәа-Краснодар, 2018; Сгәы иахылҵуа ашәахәақәа (ажәеинраалақәа,  асценари, игәылыршәоу  ахшыҩҵакқәа). Аҟәа-Краснодар, 2018; Сара сдунеи (ажәеинраалақәа, аҧсҭазааратә жәабжьқәа, асценари, игәылыршәоу  ахшыҩҵакқәа, астатиақәа). Аҟәа-Краснодар, 2018.