Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Быҭәба Заур Расим-иҧа



Быҭәба Заур Расим-иҧа (16.08.1942, - ашәҟәыҩҩы, апублицист, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2003) СССР-и Аҧсни ржурналитсцәа Реидгылақәеи дрылоуп. Дыҩуеит аҧсышәала.

 1965 ш. далгеит асубтропикатә нхамҩа Аҟәатәи аинститут, иара убас 1979 ш. иҵара хиркәшеит М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет аҟны. Данқәыҧшыз инаркны арҿиара аус дазҿлымҳан, бзиа ибон. Аусура далагоит Очамчыратәи араионтә газеҭ «Акоммунизм ахь» («Ерцахә») аҟны еиҭагаҩыс. Хара имгакәа аҟәша деиҳабхоит, ашьҭахь аредактор ихаҭыҧуаҩс дыҟан. Абасала ажурналистика инапы алакын, аха, ега ус акәзаргьы, алитература еиҳа игәы азыбылуан, аҩымҭақәа раҧҵара агәаҳәара иман, егьицааиуан. Убри аҟнытә, аҳҭны-қалақь ахь диасырц иӡбеит, игәҭакгьы наигӡеит.

Акыр шықәса раахыс аус иуеит Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аҟны. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан акәзар, Аҧсадгьыл ахьчаразы ақәҧара иазкыз апублицистикатә ҩымҭақәа аҧиҵеит. 1997-1998 шықәсқәа раан редакторс даман, егьҭижьуан агазеҭ «Аҧсуа ҭоурыхқәа».

Иҭижьхьеит иҩымҭақәа реизга жәпакы. Иажәеинраалақәеи, иажәабжьқәеи, ахәыҷқәа ирызку илакә-поемақәеи, ипиесақәеи, иминиатиурақәеи аҧхьаҩцәа ирдыруеижьҭеи акрааҵуеит. Иажәеинраалақәа агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа ХХ ашәышықәса» (Аҟәа – Москва, 2001; 2009).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Сыҧсны сшыбзахаз. Асатиратә жәабжьқәа. Аҟәа,1979; Ауаҩызаҵә имҩала. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1981; Аџьныш иҳәҳәабжь амаӡа. Алакә-поема. Аҟәа, 1985; Уҭи-сыҭи… Ажәабжьқәа. Апиесақәа. Аминиатиурақәа. Аҟәа, 1987; Иҩымҭақәа. Ҩ-шәҟәыкны. Актәи атом. Ажәабжьқәа. Аицәажәарақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 2005; Чча-џьџьааи, ҳаџь-џьџьааи, ҳабгалаџааи. Аицәажәахәтә. Аҟәа, 2010; Иҩымҭақәа. Ҩ-томкны. Актәи атом. Ажәабжьқәа, ажәабжьауқәа, аицәажәахәтәқәа, ажәеинраалақәа, апоемақәа. Аҟәа. 2012; Аҩбатәи атом. Чаҵә Чагә ихҭысқәа. Ихарҭәаау ахҧатәи аҭыжьра. Аҟәа, 2015; Урысшәала аиҭагақәа: Веселые и невеселые приключения Чагу Чацба. Рассказы, анекдоты, легенды. Аҟәа, 1990; Приключения Чагу Чацба. Рассказы, Анекдоты, Легенды. (Записал З. Бутба). Второе дополненное издание, Аҟәа, 2009.