Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Бӷажәба Хәыхәыт Соломон-иҧа



Бӷажәба Хәыхәыт Соломон-иҧа (15.10.1914, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Гәыҧ ақыҭа – 23.12.2000, Аҧсны, Аҟәа) – аҧсуа лингвист, алитератураҭҵааҩ, афольклорист. Раҧхьатәи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа дыруаӡәкуп (1941). Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (1969).

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик (1997). СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аҧсни Қырҭтәылеи аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы. Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат (1986, ашәҟәы «Аиҩызара ашықәснҵа адаҟьақәа» азы). Аҧсуаҭҵаареи, аҧсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори рыҭҵаараҿы илагала дууп.

Иаб данҧсы (1923), ашьҭахь ихәыҷра ашықәсқәа ихигеит ианшьцәа рҟны Арасаӡыхь ақыҭан. Ҩышықәса аҵара иҵон Очамчыратәи жә-шықәсатәи ашкол аҟны. Уи нахыс Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аҧсуа школ далгеит (1933). Иҵара иациҵеит В.И.Ленин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурых-филологиатә факультет аҟны (1937). 1938 ш. С.Н. Џьанашьиа иабжьгарала Қырҭтәылатәи ССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа абызшәадырра аинститут аспирантура дҭалеит. Иҵара далгеит 1941 шықәсазы, акандидаттә диссертациагьы ихьчеит.

1937 ш. ҭагалан инаркны Д.И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (иахьа – Аҧсуаҭҵаара аинститут) ҭҵаарадырратә усзуҩын, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩысгьы дыҟан.

Алитература-сахьаркыратә журнал «Аҧсны ҟаҧшь» аредакторс даман. 1941 ш. нахыс, аспирантура даналга аус иуан Аҧсуа институт аҟны литературатә усзуҩы еиҳабыс, ашьҭахь – адиректор ихаҭыҧуаҩыс (1949-1953), адиректорс (1953-1966), абызшәеи алитературеи рыҟәша аиҳабыс, алитературеи афольклори рыҟәша аиҳабыс, аҭҵаарадырратә усзуҩы хадас (1996 ш. инаркны). 1945-1948 шш. раан – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дахантәаҩын. 1969 ш. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ихьчеит адоктортә диссертациа «Аҧсуа бызшәа бзыҧтәи адиалект афонетика-морфологиатәи алексикатәи ҷыдарақәа» аҧсышәала.

Аҧсуа литературеи, абызшәадырра алагалеи, азеиҧшбызшәадырреи ирызкны алекциақәа дрыҧхьон А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны (1940-1970 шш.). Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырххьан (1938; 1947; 1951; насгьы 1954 шықәсазы), Қырҭтәылатәи ССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан (1959-1966).

Алитературатәи аҭҵаарадырратәи усура хациркит 1933 шықәсазы ишәҟәы «Ҳаамҭазтәи аҧсуа литература критикала ахәаҧшра…» ала (аҧсуа литературатә критикеи алитератураҭҵаареи русхк аҟны ари раҧхьатәиуп).

200 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәеи, ашколқәа рзы ахатәы бызшәеи алитературеи ирызку амонографиақәа жәаҩа дравторуп. Урҭ рызкуп аҧсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори, Аҧсны аҩыратә баҟақәа рҭоурыхи, Аҧсны атопонимикеи аетнонимикеи рызҵаарақәа. «Аурыс-аҧсуа жәар» (Аҟәа, 1964) аиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп, аҭакзыҧхықәу редакторсгьы даман.

Хә. Бӷажәба аҧсуа шәҟәыҩҩыцәеи аҵарауааи аӡәырҩы рышәҟәқәа рҭыжь-разы атекстологиатә усура ду мҩаҧигеит (Д.Гәлиа, С.Ҷанба, А.Ҷоҷуа, И.Коӷониа, В.Агрба, А.Аҳашба, Н. Џьанашьиа, А. Чыкәбар, Д.Маан, С.Бжьаниа, В.Маан, О. Демерџьиҧа уҳәа).

Аурысшәахь еиҭеигеит, егьҭижьит аизга «Аҧсуа лакәқәа» (Аҟәа, 1959), ашьҭахь уи акырынтә еиҭаҭыжьын. «Аурыс-аҧсуа жәар» (1964), авторцәа рколлектив рнапхгаҩыс дрыман, авторцәа дыруаӡәкын, аредактор хадасгьы даман, иара убас «Аҧсуа литература аҭоурых аочерк» (1967), «Аҧсуа бызшәа аграмматика. Афонетикеи аморфологиеи» (1958), «Аҧсуа алитература аҭоурых» (1986). Аҧсшәахь еиҭеигеит А.Н.Толстои, И.А. Крылов ражәеинраалақәа, М.И. Лермонтов иажәеинраала «Русалка», А.П.Чехов, А.Исаакиан ражәабжьқәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аҧсуа литература аочеркқәа. Аҟәа, 1940; Аҧсуа аорфографиа абаҟақәа. Аҟәа, 1958; Ԥсра зқәым ахьӡ. Аҧшаарақәеи аҧыхьашәақәеи. Аҟәа, 1977; Астатиақәеи аҭҵаамҭақәеи. Аҟәа, 1989; Платон Бебиа ипоезиа аҷыдарақәа. Аҟәа, 2003; урысшәала аҭыжьымҭақәа: Дмитрий Гулиа. Критико-биографический очерк. (В соавторстве с К.Л. Зелинским). М., 1956.  Абри ашықәс азы ашәҟәы аҧсышәалагьы иҭыжьын, еиҭаҭыжьын урысшәала – Аҟәа, 1965); Об абхазской литературе. Критические очерки. Сухуми, 1960; Бзыбский диалект абхазского языка. (Исследования и факты). Тбилиси, 1964. ( 3-ое издание, дополненное – Сухум, 2006); Из истории письменности в Абхазии. Тбилиси, 1967; Этюды и исследования. Сухуми, 1974; Страницы из летописи дружбы. Тбилиси, 1983; Труды : в 2 книгах. Сухуми, 1987-1988.