Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Дарсалиа Владимир Владимир-иҧа



Дарсалиа Владимир Владимир-иҧа (10.09.1936, Аҧсны, Аҟәа, - 2000, Аҟәа ақалақь) - афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан урысшәала.

1944-1955 ш. ш. раан аҵара иҵон А. С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратәи ашкол аҟны. Далгеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурых-филологиатә факультет (1960). 1960-1962 ш. ш. рзы аус иуан ари аҵараиурҭа СССР аҭоурых акафедра алаборант еиҳабыс, ашьҭахь – Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбыс (1962-19699, аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс (1971), аҭҵаарадырратә аусзуҩы хадас (1996 ш. нахыс). 1989-1996 ш. ш. раан аинститут адиректор ихаҭыҧуаҩыс дыҟан.

1975 ш. Қарҭ ихьчоит акандидаттә диссертациа «Аҧсуа драматургиа аҿиара амҩақәа» (1919-1959шш.) атемала.

Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1960-тәи ашықәсқәа инадыркны. Истатиақәа рнылон ажурнал «Алашара», агазеҭ «Советская Абхазия» уҳәа. Ф-томкны иҟоу «Асовет милаҭрацәатә литература аҭоурых», (Ат. З. М., 1970) аҧсуа литература иазкны иагәылоу астатиақәа авторцәа дыруаӡәкуп.

В. Дарсалиа хә-шәҟәык инареиҳаны иҭижьит, астатиақәа рацәаны икьыҧхьит. Урҭ ирызкуп аҧсуа драматургиеи апрозеи, В. Агрба, Ӡ.Дарсалиа, С. Ҷанба, М. Лакрба, Ш. Ҷкадуа, Џь. Аҳәба, А. Гогәуа, А. Аргәын, Р. Џьопуа уҳәа рырҿиамҭақәа.

Аҭыжьымҭақәа: Абхазская советская драматургия. (Историко-литературный и критический очерк). Тбилиси, 1968; Владимир Агрба. (Творческий портрет). Сухуми, 1974); Абхазская проза 20-х–60-х годов. Тбилиси, 1980; Быть человеком. Литературно-критические статьи. Сухуми, 1982; В ответе у времени. Литературно-критические статьи и очерк. Сухуми, 1986; Дзадз Дарсалиа. Критико-биографический очерк. Сухуми, 1988; Самсон Ҷанба. Акритикатә-биографиатә очерк. Аҟәа, 1988 ( А.А. Аншбеи иареи еилахәны).