Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Дауҭиа Валери Константин-иҧа



Дауҭиа Валери Константин-иҧа (17.02.1936, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Жәандәрырҧшь ақыҭа – 25.04.2009, Гагра) – апоет. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997), ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (2003). Дыҩуан аҧсышәала.

А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит аҧсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала (1961).

1961-1984 шш. раан аус иуан Цандрыҧшьтәи ашкол-интернат аҟны аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс, 1994 –1995шш. рзы Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан.

Раҧхьатәи иажәеинраалақәа рнылеит: агазеҭ «Аҧсны», ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», апоетцәа ҿарацәа ражәеинраалақәа реизга «Ахҿарах» (1967).

В. Дауҭиа иажәеинраалақәа ирылхны ашәақәа аҧырҵахьеит аҧсуа композиторцәа: Р.Гәымба, Б.Багаҭелиа, О.Хәынҵариа. Урҭ рыхәҭак анҵоуп афирма «Мелодиа» аҟны. Иажәеинраалақәа рыхәҭак аурысшәахь еиҭагоуп.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Амшыни амреи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983;  Сҽыҩ. Ажеинраалақәа. Аҟәа, 1986; Гагрыҧшь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1987; аурысшәахь аиҭага: Отцовские заветы. Ажәеинраалақәа. Гагра, 1995.