Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Дбар Валентин Григори-иҧа



Дбар Валентин Григори-иҧа (01.05.1948, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭа – 28.04.2010, ақ. Гагра) – СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1987) Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. Дыҩуан аԥсышәала.

К.Ф.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интеранат №1 далгеит (1967). А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны иреиҳау аҵара хиркәшеит (1972). Аррамаҵураҿы иуалҧшьа анихига ашьҭахь, 1978 ш. инаркны аус иуан Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Гагратәи араионтә ҟәша аҟны, амилициа амаиор ичын иман.

В. Дбар асахьаркыратә ҩымҭақәа раҧҵара далагеит ашкол аҟны аҵара аниҵоз нахыс. 1965 ш. раҧхьатәи иажәабжь кьыҧхьын агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») аҟны. Адырҩашықәсан ажурнал «Амцабз» ианылеит иажәеинраала «Сара сышкол». Аха, хара имгакәа ашәҟәыҩҩы апроза ашҟа диасит. Еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы алитературатә журнал «Алашара» ианылон иажәабжьқәа.

Авторс дрымоуп ажәабжьқәа реизгақәа. Иҟоуп иҭыжьым иҭынха, урҭ рахьтә ироманқәа ҩба.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Раҧхьатәи ааҧынра. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1979; Ашәҭқәа ангәылҵуа. Ажәабжьқәа. Аҟәа,1981; Аҧсы дшаҳаҭым. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1984; Иаанкылоу ашәҟәы. Ажәабжьқәа. Аҟәа,1989.