Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Делба Саида Бадра-иҧҳа



Делба Саида Бадра-иҧҳа (27.07.1965, Аҧсны, Тҟәарчал ақалақь – 01.12.1992, Аҧсны, Тҟәарчал ақалақь) – аҧсуа поет, ажурналист, апублицист. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ланашьоуп (данҭаха ашьҭахь). Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) далахәын. Иланашьоуп (данҭаха ашьҭахь) аҳәынҭқарратә ҳамҭа Леон Иорден. Дыҩуан аҧсышәала.

Тҟәарчалтәи ахәбатәи абжьаратәи ашкол далгеит. 1982 ш. дҭалеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет. 1985 ш. диасит М. А. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ахь, аха 1987ш.  ҩаҧхьа Аҧсныҟа дхынҳәит, лҵара иацылҵеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Иреиҳау аҵараиурҭа далгеит 1989 шықәсазы. 1990 ш. инаркны рҵаҩыс аус луан Гәдоуҭа араион Дәырҧшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. Адырҩашықәса нахыс Гәдоуҭа иҭыҵуаз агазеҭ «Аублаа» редактор хадас даман. Ари агазеҭ ианылҵон лхатә статиақәагьы.

С. Делба раҧхьатәи лажәеинраалақәа ажурнал «Алашара» аҟны икьыҧхьын (1984, №1). 1986 ш. аҭыжьымҭа ҩаҧхьа ианылеит лажәеинраалақәа (№3), лҩымҭақәа анылон иара убас агазеҭ «Аҧснытәи ауниверситет». Данҭаха ашьҭахь лажәеинраалақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа «Алашара», «Абаза», агазеҭқәа «Аҧсны», «Бзыҧ», «Еҵәаџьаа», аизгақәа «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи». (Аҟәа-Сухум, 1995). Апоет лажәеинраалақәа маҷымкәа ианылеит «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009). Лажәеинраалақәа жәпакы аурысшәахь еиҭаганы икьыҧхьын еиуеиҧшым аҭыжьымҭақәа рҟны, урҭ еиҭаргеит Л. Лиубченко, Е. Чуприна, В. Занҭариа уҳәа егьырҭгьы.

Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра (1992-1993) ианалага иаразнак Аҧсадгьыл ахьчара дцеит. Мрагыларатәи афронт аибашьцәа дрыцны медеҳәшьак лаҳасабала дрылахәын еиуеиҧшым ажәыларақәа. Урҭ руак аан Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан ахәра ӷәӷәа лоуеит. 1992 ш. декабр 30 ауха Тҟәарчалтәи арратә хәышәтәырҭахь днаган, илоуз ахәра иахҟьаны  декабр 1 азы лыҧсҭазаара  ҿахҵәеит.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Сыдгьыл гәакьа санықәны. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1996; Амацәыс ашьҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2005; Сагеит сара сыдгьыл ахьаа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2009.