Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Габелиа Дмитри Павел-иҧа



Габелиа Дмитри Павел-иҧа (14.10.1986, Аҧсны, Очамчыра араион Џьал ақыҭа) – аҧсуа поет. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2012). Дыҩуеит аҧсышәала (асахьаркыратә ҩымҭақәеи астатиақәеи) урысшәалеи  (астатиақәа).

Акәасқьа ақыҭантәи абжьаратәи ашкол далгеит (2004), ашьҭахь – Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет (2009). 2007ш. инаркны рҵаҩыс-ааӡаҩыс аус иуан К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҟны, иара убас Аҧсны аҿар рхеидкыла «Аҿар раамҭа» ацхантәаҩыс, нас –ахантәаҩыс дыҟан. Ауаажәларра-политикатә хеидкыла «Иаку Аҧсны» агазеҭ «Иаку Аҧсны» акорреспондтс аус иуан (2010), ашьҭахь ари аҭыжьымҭа аредактор хадас инапынҵақәагьы наигӡон. 2012 ш. раахыс – ажурнал «Алашара» апоезиа аҟәша деиҳабуп.

Д. Габелиа раҧхьатәи иажәеинраалақәа кьыҧхьын ажурнал «Алашара» аҟны (2007). Иҩымҭақәа рнылахьеит: агазеҭ «Иаку Аҧсны», ажурнал «Ваинах» (Грозныи ақалақь), аинтернет-журнал «Пролог», Аҧсны апоетцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло «Ашацкыра» (2009, №1; 2010, №2), Переделкино (Москва, 2011) имҩаҧысуаз ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа Актәи Жәларбжьаратәи реилацәажәара иҭнажьыз аизга «Вестник» рҟны.

Дрылахәын: Адыгатәылан (Маиҟәаҧ, 2009) имҩаҧысуаз Нхыҵ-Кавказ ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа Аҩбатәи реилацәажәара); 22-тәи Жәларбжьаратәи ашәҟәтәы цәыргақәҵа-џьармыкьа (Москва, 2009); Урыстәылеи Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара атәылақәеи рышәҟәыҩҩцәа ҿарацәа 9-тәи Рфорум (Москва, 2009); Нхыҵ-Кавказ ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа Реилацәажәара (Ҟарачы-Черқьестәыла, аҳабла «Домбаи», 2010); Урыстәылеи Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара атәылақәеи рышәҟәыҩҩцәа ҿарацәа 10-тәи Аиубилеитә Форум, 2010); Нхыҵ-кавказ ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа Реилацәажәара (Нхыҵ-Уаҧстәыла, аҳабла «Цеи», 2011); Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә дышьҭын, дагьалахәын Переделкино (Москва, 2011) имҩаҧысуаз ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа Актәи Жәларбжьаратәи Рфорум.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Сымҩа, Сышьҭа… Ажәеинраалақәа. Аминиатиурақәа. Аҟәа, 2010; Ацәқәырҧамҩа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014; аурысшәахь аиҭагақәа: Абхазия. Пицунда – курорт будущего. Сборник публицистических статеи. Сухум, 2010.