Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Герхелиа Кәасҭа Маџьгәыр-иҧа



Герхелиа Кәасҭа Меџьгәыр-иҧа (22.02.1932, Аҧсны, Очамчыра араион Ӷәада ақыҭа – 17.05.1996) аҧсуа поет, аиҭагаҩ, апублицист. СССР-и (1959) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Ӷәадатәи аа-шықәсатәи ашкол даналга, 1949 ш. дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа. 1951-1954 шш. рзы Асовет ар рҟны аррамаҵура дахысуан. 1954-1956 шш. раан иҵара иациҵон. 1956-1961 шш. рзы А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рыҟәшаҿы аҵара иҵон. 1966-1968 шш. рзы Бақәа ақалақь аҟны апартиа Иреиҳау ашкол дҭан. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аус иуан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» (алитературатә усзуҩыс, 1955-1957), ажурналқәа «Амцабз» (алитературатә усзуҩыс, 1957-1958), «Алашара» (1961-1962). Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аклуб деиҳабын (1958-1961), иара убас С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр алитературатә хәҭа деиҳабын (1963-1966), апартиа Аҧснытәи аобласттә комитет алектор-инструкторс дыҟан (1968-1975). 1975-1983 шш. раан аҧсны ателерадиодырраҭара аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы дихаҭыҧуаҩын. 1986-1992 шш. раан Аҧсны Аҳәынҭплан аҟәша деиҳабын. Анаҩс, 1986 ш. азынӡа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиокомпаниа аредакциақәа рҟны иусура иациҵон. Атематикатә программақәа еиҿикаауан. Арадиоинсценировкақәа жәпакы аҧиҵеит, урҭ иреиуоуп арадиодырраҭара «Алықьса Лашәриа изкны агәалашәарақәа», арадиоочерк «Аҧсадгьыл», арадиокомпозициа «Аҧсны – аҧсы атәыла». Ажәеинраалақәа иҩуан ашкол данҭаз инаркны. Иҩымҭақәа акьыҧхь рбо иалагеит 1950ш. нахыс ажурнал «Алашара», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа» уҳәа рҟны. Апоет иажәеинраалақәа рыхәҭак анылеит «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭижьит.

Аҧсшәахь еиҭеигеит аурыс, абаза, ақырҭуа поетцәеи апрозаикцәеи рҩымҭақәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: Вл. Солоухин, Е. Евтушенко, Б. Ҭҳаиҵухов, П. Цеҟәа, К. Џьгәаҭан, И. Ҷавчаваӡе, И. Абашиӡе, И. Нонешвили, М. Поцхишвили, Н. Думбаӡе ироманқәа «Сареи, сандуи, Иликои,  Илариони», «Наунагӡатәи азакәан» (ахәҭақәа), иажәабжь «Ҭалико», М. Гвасалиа лажәабжь «Аҵеиџь» уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аҧсҭазаара абжьы. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1959; Анарха. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1963; Ацәлаа анышәҭуа. ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1980; Иалкаау. Ахәыцрақәа  ррыцхәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1982; аурысшәахь аиҭага: Когда цветет иглица. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1987.