Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Гублиа Гьаргь Константин-иҧа



Гублиа Гьаргь Константин-иҧа (15.05.1928, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭа - 6.11.2019) - апоет, апрозаик, адраматург, алитератураҭҵааҩ, арҵаҩы-ааӡаҩ, ауаажәларратә усзуҩы. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ ихҵан (1970), Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҧсуа литература акафедра адоцент, анаҩс апрофессор. «Дырмит Гәлиа: ирҿиаратә мҩа» зыхьӡу иусумҭазы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1974), 1957 ш. раахыс СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылоуп, 1999 ш. инаркны – Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла. Ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Ҟәланырхәатәи ашкол аҟны ҧшьы-шықәса, анаҩс – абжьбатәи акласс аҟынӡа Гәдоуҭатәи абжьаратәи аҧсуа школ аҟны. 1944 ш. Гәдоуҭатәи ақыҭанхамҩатә техникум дҭалеит. Ашьҭахь уи Мықәҟа ииаргазаргьы, иҵара аанимыжьит. Убри нахыс алитература агәыблра икит. Адраматә кружок далахәын. Убасҟан ауп алитература даназҿлымҳахагьы. Раҧхьаӡа акәны инарҭбааны идырит аҧсуа шәҟәыҩҩцәа Д.И. Гәлиа, С.И. Ҷанба, И.Г. Папасқьыр, иара убас Н.В. Гоголь, А.С. Пушкин, М.И. Лермонтов уҳәа рҩымҭақәа. Урҭ рышәҟәқәа атехникум абиблиотекаҿы иҟан.

Иҵара аныхиркәша (1948), шықәсык аҟынӡа иқыҭа гәакьаҿ Ҟәланырхәа агрономс аус иуан. 1949 ш. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭалеит. Аха ашьҭахь гәыҧҩык иқәлацәеи иареи ииасит Қарҭтәи аҳәынҭуниверситет ахь. Иреиҳау аҵараиурҭа далганы Аҧсныҟа даныхынҳә (1954), аус иуан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, нас Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны ҩаҧхьа ҿыцны иаадыртыз афилологиатә факультет аҧсуа сектор аҟны аҧсуа алитература арҵаҩыс, ашьҭахь аҧсуа литература акафедра аиҳабыс (1965-1975). Дыҟан апартиа Аҧснытәи аобком алекторс. 1970 ш. Қарҭ ихьчоит акандидаттә диссертациа «Дырмит Гәлиа: ирҿиаратә мҩа» ахьӡны. Уи хара имгакәа хазы шәҟәны Аҟәа егьҭыжьын. 1975 ш. инаркны апартиа Аҧснытәи аобком алекторс дыҟан. 1978-1984 шш. раан - ажурнал «Алашара» аредактор хадас, ашьҭахь - ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аиҳабыс. Аҧснытәи Аҳәыҭуниверситет апрофессорк иаҳасабала акыр шықәса аҧсуа литература аҭоурых иазкны алекциақәа дрыҧхьон.

1950 ш. акьыҧхь аҟны данцәырҵ инаркны ипоезиатәи ипрозатәи рҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа-Сухум», "Юность", "Молодая гвардия" агазеҭқәа «Бзыҧ», «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Литеранурная газета» уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа ХХ ашә.» (2001; еиҭаҭыжьуп – Аҟәа-Москва, 2009).

Г. Гублиа авторс дрымоуп ажәеинраалақәа реиҧш, апоемақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа, апиесақәа, аочеркқәа, аҧсуа литература иазку аҭҵаарадырратә статиақәа. Жәлар ражәабжьҳәаҩцәа Жана Ачбеи Чаҵә Чагәи рҳәамҭақәа реизгараҿы акәзаргьы, шьарда илиршахьеит. Иҩымҭақәа еиҭаганы иҭыҵхьеит аурыс, аукраин, ақырҭуа, аҟабарда уҳәа абызшәақәа рахь. Ихаҭагьы гәацԥыҳәарала аԥсшәахь еиҭеигон егьырҭ алитературақәа рхаҭарнакцәа рҩымҭақәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Сыԥхьарца. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1956; Мҩамш. Апоемақәа. Аҟәа, 1958; Схәышҭаара ацԥхьқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1960; Ааԥынтәи ахәыцрақәа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1963; Аиԥылараҿыц. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1965;  Ашьха мҩа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1967; Аиҩызара ашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1972; Амшыни сареи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1975; Акаҵәараҿ аиқәшәара. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1978; Ицәқәырԥон амшын. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1980; Ахьшь агага. Аповестқәеи ажәабжьи. Аҟәа, 1981; Аҿара амҵәыжәҩақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Адгьыл аҳақ. Ароман. Апиесақәа. 19; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988; Лахьынҵала иузшоу. Ароман. Аҟәа, 1996; Исзымҳәаз ажәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1998; Ирхәыз ашьауардын. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1999; Аҵыхәтәантәи ахысыбжь. Ароман. Аҟәа, 2004; Нестор. Агәалашәарақәа. Аҟәа, 2006; Иҩымҭақәа реизга. Хә­-томкны. Аҟәа, 2005-2013; урысшәала аиҭагақәа: Посох. Лирика. М., 1966; Горсть земли. Стихи. М., 1976.