Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Гыцба Леванти Борис-иҧа



Гыцба Леуанти Борис-иҧа (ҧсевдонимс имоуп Гыц Асҧа) (07.06.1945, Аҧсны, Гагра араион Бзыҧҭа ақыҭа) – аҧсуа шәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы. Ианашьоуп Леон иорден (2000). Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәала (1997), ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (2003). Дыҩуеит аҧсышәала.

Аҵара иҵон Бзыҧтәи актәи абжьаратәи ашкол аҟны (1953-1964). 1964 ш. аррамаҵура ашҟа иҧхьоит, иуалҧшьа наигӡон Мрагыларанаскьатәи афлот аҧырҩцәа реилазаараҿы; 1965 ш. аррамаҵура аанижьит игәабзиара аҭагылазаашьа инамаданы. 1969-1974 шш. рзы аҵара иҵон А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа-англыз аҟәша аҟны. Ленин истипендиа иоуан. Астудентцәа рыҭҵаарадырратә гәыҧ ахантәаҩыс дыҟан. 1974-1991 шш. раан – Бзыҧҭатәи актәи абжьаратәи ашкол аҟны аҧсуа бызшәеи, алитературеи, англыз бызшәеи дирҵон.

Л. Гыцба аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара далахәын. 1977ш. «Аҧсуа шәҟәы» знапы аҵазҩыз 130ҩык дыруаӡәкуп. Декабр 10 рзы (Қырҭтәылатәи ССР Аконституциа ҿыц анрыдыркылоз, уи аҟны Аҧсны Автономтә Республикак аҳасабала Қырҭтәыла аилазаараҿы иаанхон) ашәҟәы  шьҭын  СССР Иреиҳаӡоу Асовет VIII асессиеи Апрезидиуми, КПСС Ацентр Комитет Аполитбиуро, хаҭала КПСС Ацентр Комитет Амаӡаныҟәгаҩ хада Л. И. Брежнев, РСФСР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахантәаҩы М. А. Иаснов рышҟа. Ашәҟәы знапы аҵазҩыз афактқәа маҷымкәа иааргон аҧсуа жәлар рзинқәа рҿаҟәара иазкны, иазгәарҭон Аҧсны автономиа Қырҭтәыла алазаарала, Аҧсни аҧсуааи рақырҭуатәра аполитика шымҩаҧысуа хықәкыхырхарҭала ареволиуциа ашьҭахьтәи аамҭақәа зегьы раан. Ашәҟәы СССР Иреиҳаӡоу Асовет VIII асессиеи Апрезидиуми рҟны ианроу, Е. А. Шеварнаӡе дызхагылаз Қырҭтәыла анапхгара рахь ирышьҭит, аҵыхәтәаны Аҧсныҟа иаашьҭын. Ашәҟәы ӷәӷәала иақәӡбеит Қырҭтәылеи Аҧсни рнапхгарақәа, «асовет политика иаҿагылоит», «апартиа иаҿагылоит» ҳәа азыҧхьаӡаны. Ашәҟәы знапы аҵаҩыз ирықәымчуа иалагеит. Аха аҧсуа жәлар рҵеицәа рыхьчеит, Лыхны ақыҭан ажәлар реизара мҩаҧыргеит, Аҧсны анапхгара рахь агәрагара мап ацәыркит.

1980 ш. сентиабр азы Л. Гыцба дырбаандаҩын, Қарҭ, Қырҭтәылатәи ССР Ашәарҭадара Аҳәынҭқарратә комитет абахҭа дҭаркит. Акоммунист партиагьы далцан. Фымз рышьҭахь иус аӡбараан ихаҭа дықәгылеит дырҿагыланы. Ихы дақәиҭтәын ахьырхәра идҵаны.

1980-тәи ашықәсқәеи 1990-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи раан ашәҟәыҩҩы амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара дшалагылац далагылан, ауаажәларра-политикатә еиҿкаара «Абрыскьыл» акомитет ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩс дыҟан. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) Бзыҧҭатәи Гәымсҭатәи афронтқәа ркомиссарс дыҟан. Аиааира ашьҭахь ихатә ус еиҿикааит, аха алитературатә рҿиареи иареи еилеигӡон.

Л. Гыцба арҿиара дазхьаҧшит 1970-тәи ашықәсқәа инадыркны. Раҧхьатәи иажәабжь «Аламыс» кьыҧхьын ажурнал «Алашара» аҟны (1977, №7). Убри ашықәсан «Амцабз» ианылеит (№4, ииуль-август) иажәабжь «Аишьцәа». Ашьҭахь арҭ аҭыжьымҭақәа ирнылеит иажәабжьқәа жәпакы, ироман «Аиҭарҿиара» ацыҧҵәахақәа. 

Л. Гыцба еиҳаракгьы дыҩуеит ароман ажанр ала, егьҭижьхьеит жәа-романк иреиҵамкәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аихырҿиара. Ароман. Аҟәа, 1984; Кьараз. Аҭоурыхтә роман. Аҟәа, 1989; Аҳақ шықәса. Ароман-мшынҵа. Актәи ашәҟәы. Аҧазаҵәқәа. Аҟәа, 1977; Аҩбатәи ашәҟәы. Аҧышәарҭа. Аҟәа, 1988; Ахҧатәи ашәҟәы. Агәнаҳаи аҳақи. Аҟәа. 2001; Ҩ-романк. Аҧсҳара. Аҭоурыхтә роман. Аҟәа, 2005; Ауыра мҩа. Ароман. Аҟәа, 2008; Аҧсуа шәҟәы. Ароман. Актәи ашәҟәы. Аигәныҩра. Аҟәа, 2011; Аҩбатәи ашәҟәы. Абахҭа. Аҟәа, 2012; Ҽнак, 1989 шықәсазы. Ароман. Аҟәа, 2014.