Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Инал-иҧа Шалуа Денис-иҧа



Инал-иҧа Шалуа Денис-иҧа (20.10.1916, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Гәыҧ ақыҭа – 22.09.1955, Аҟәа ақалақь) – аҭоурыхҭҵааҩ, кавказҭҵааҩ, аҧсуаҭҵааҩ. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (1963), апрофессор (1964). Адыгатәи (Ачерқьестә) Жәларбжьаратәи академиа алахәыла (1993). Аҧсни (1962) Қырҭтәылеи (1982) рҟны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (1962), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (1986, ашәҟәы «Аҧсуа етикет азы аочеркқәа» азы), СССР-и (1956)  Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәалеи урысшәалеи.

Дышқәыҧшӡаз иани иаби иҧхоит. Иашьцәа аҩыџьагьы харада ахара рыдҵаны иҭаркхьан. Ш. Инал-иҧа аҵара иҵон Гәыҧтәи ҧшь-класстәи ашкол аҟны, 1927 ш. – Очамчыратәи ихарҭәаам абжьаратә школ аҟны, 1928 ш. инаркны – Аҟәатәи аҧсуа школ-интернат аҟны , уи далгоит 1936 шықәсазы. Убри ашықәс аан қәҿиарала аҧышәарақәа ҭины дагьҭалоит афилософиеи, алитературеи, аҭоурыхи Москватәи ринститут афилософиатә факультет. Аха, дук мырҵыкәа уаҟа еилыркааит иашьеиҳаб, Н. И. Вавилов ихьӡ зху академиа аспирант, 1935 ш. харада ахара идҵаны дышҭаркыз, хара имгакәагьы аҵараиурҭа аанижьыр акәхеит.

Ш. Инал-иҧа дхынҳәуеит Аҧсныҟа. Ақыҭақәа рҟны рҵаҩыс аусура далагоит. Ҩаҧхьа ааха иоуеит аҵарауаҩ қәыҧш. Харада ахара идҵаны, ажәлар драӷоуп ҳәа дҭаркуеит иашьа агәыбжьанытәгьы. Имацара даанхоит.

1938ш.  иҩызцәа рыбзоурала ҩаҧхьа Москваҟа дцоит, дагьҭалоит К. Либкнехт ихьӡ зху Москватәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет. Адиплом ҟаҧшь иманы иреиҳау аҵара хиркәшеит (1941). Аҟәаҟа даныхынҳә аус иуан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциа ақыҭа нхамҩа аҟәша аиҳабыс. 1943-1946 шықәсқәа раан аспирантура акурс дахысуан Қырҭтәыла аҭоурых аинститут аҟны, аетнографиа аганахьала егьихьчеит акандидаттә диссертациа.

Ш. Инал-иҧа 1946 ш. инаркны Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩыс дыҟан. 1940-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы усура днарҧхьеит Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи ахь. 1957 ш. инаркны акәзар, аҧсуа институт аҭоурыхи аетнографиеи рыҟәша еиҳабыс аус иуан. 1958-1988 шш. раан аҭҵаарадырра ахәҭазы аинститут аиҳабы ихаҭыҧуаҩс дыҟан. 1988 ш. нахыс  - аҭҵаарадырратә усзуҩы хадас. 1961 ш. аетнографиазы алекциақәа дрыҧхьон.

Ш. Инал-иҧа ҧыхьатәи СССР-и аҳәаанырцәи еиуеиҧшым аҭҵаарадырратә форумқәа дрылахәын. 1963 ш. иара иаҧшьгарала Аҟәа имҩаҧысит нарҭаа репос апроблеқәа ирызкыз Зегьеидгылоутәи аконференциа. Академик И.В. Бромлеи иааирҧшыз адгыларала Аҟәа имҩаҧигоит аетнографиатәи антропологиатәи ҭҵаарақәа ирызкыз Зегьеидгыларатәи асессиа (1988). Кавказ ақәрарацәа апроблемақәа рзы асовет-америактәи апроект далахәын.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) дҭахеит иҧа, аҵарауаҩ Адгәыр. Даараӡа ихьааигон иара убас 1980 ш. Аҧсуа институт аҟны архив абылраан иахьалаблыз инапҩымҭа «Аҧсны Гал араион амикротопонимика». Еиҳагьы ихьанҭаз цәыӡ духеит Ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан, 1992 ш. октиабр 22 рзы ақырҭуа еибашьцәа аҧсуа институт анырбылуаз иахьалаблыз ихатә архиви абиблиотекеи, уаҟа ирылан иусумҭа «Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла аҧсуа-адыга топонимика».

Ш. Инал-иҧа аҭҵаарадырра напы алеикит аспирантура данҭаз. Иааиҧмырҟьаӡакәа Аҧсны ақыҭақәа рҟны адәынтәи аекспедициақәа мҩаҧигон, еизигон нарҭаа ражәабжьқәеи егьырҭ афольклортәи амифологиатәи рҿиамҭақәа, алингвисттә, еиҳаракгьы атопонимикатә материал. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра риҭон аҭоурых-етногарфиатә материалқәа, ашьҭахь урҭ хыҧхьаӡарарацәала астатиақәеи амонографиақәеи шьагәыҭсгьы ироуит. Абарҭқәа рнаҩсан Ш. Инал-иҧа илаҧш ахын алитературатә процесс. Ажурнал «Алашара», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия» ирниҵон алитератураҭҵааратәи алитература-критикатәи статиақәа.

«Нарҭ Сасрыҟәеи ҧшьынҩеижәи зеижәҩык иашьцәеи», «Аҧсуа нарҭтә епос» аиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп (К. С. Шьаҟрыли, Б. У. Шьынқәбеи иареи, Аҟәа, 1962 ш., аҧсышәала, абри ашықәс азы Москва иҭыжьын урысшәала; «Аҧсуа жәаҧҟақәа» (Аҟәа, 1967) уҳәа егьырҭгьы.

Ш. Инал-иҧа (Д. И. Гәлиеи иареи еилахәны) авторс дамоуп 2-тәи акласс «Ахатәы бызшәа» (1956, ашьҭахь аиҭакрақәеи ахарҭәаарақәеи алагаланы еиҭаҭыжьын жәантә инареиҳаны); аиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп «Аҧсуа литература ахрестоматиа. 7-тәи акласс азы» (Г. А. Ӡиӡариеи иареи еилахәны, иҭыжьын 1955, 1957, 1962; егьырҭ ашықәсқәа - 1964, 1966, 1968, 1978 уҳәа  раан Ш. Хь. Салаҟаиеи, А. Н. Гогәуеи, иареи еилахәны; 1981 – Ш. Хь. Салаҟаиеи, А. Н. Гогәуеи, Н. Ҳ. Аӡынбеи, иареи еицҭрыжьит).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсуаа рҭоурыхи ретнографиеи рыла: Очерки по истории брака и семьи у абхазов. Сухуми, 1954; Абхазы: (Историко-этнографические очерки). Сухуми, 1960 (2-е переработанное, дополненное издание — Сухуми, 1965); Об этногенезе древнеабхазских племен. [Доклад]. М., 1964; Страницы исторической этнографии абхазов. (Материалы и исследования). Сухуми, 1971; К вопросу о древних этнокультурных связях Западного Кавказа и Малой Азии (lX Международный конгресс антропологических и этнографических наук. Чикаго, сентябрь 1973 г. Доклады советской делегации). М., 1973; Традиции и современность. (По материалам этнографии абхазов). Сухуми, 1973 (2-е издание, переработанное и дополненное — Сухуми, 1978); Вопросы этнокультурной истории абхазов. Сухуми, 1976. (Переиздание — в томе III «Трудов» Ш. Д. Инал-ипа в 11 томах. — Сухум, 2011); Дурипш. (Историко-этнографический очерк). Сухуми, 1981; Очерки об абхазском этикете. Сухуми, 1984; Зарубежные абхазы. (Историко-этнографические этюды). Сухуми, 1990; Ступени к исторической действительности. (Об этнической ситуации в Абхазии XV — начала XX вв.). Сухуми, 1992; Садзы. Историко-этнографические очерки. (Материалы к серии «Народы и культуры». Вып. XXVIII. Народы Кавказа. Кн. 2.). М., 1995; Антропонимия абхазов. Майкоп, 2002; Труды. Том III. Вопросы этно-культурной историй абхазов. Второе, переработанное и дополненное издание. Сухум, 2011; алитературеи афольклори рыла: Аԥсуа фольклори алитературеи рзы зҵаарақәак. Аочеркқәа. Аҟәа, 1955; Аԥсуа литература аҭоурых аҟнытә. Аҟәа, 1961;  Шоҭа Русҭавели. Апоет диижьҭеи 800 шықәсхыҵра иазкны. Аҟәа, 1966; Заметки о развитии абхазской литературы. Сухуми, 1967; Прыжок благородного оленя (К 100-летию со дня рождения народного поэта Абхазии Д. И. Гулиа). Сухуми, 1974; Мҩахәасҭала ахрақәа рахь. Акритикатә статиақәеи аматериалқәеи реизга. Аҟәа, 1975; Страницы абхазской литературы. Статьи, очерки, выступления. Сухуми, 1980; Труды. Первая книга. [Литературоведческие фольклористические работы]. Сухуми, 1987.