Инџьгиа Џьамбул Џьумбер-иԥа (28.09.1986, Тҟәарчал ақалақь, Аԥсны) – аԥсуа поет, аҭоурыхҭҵааҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2025). Дыҩуеит аԥсышәалеи (алитературатә ҩымҭақәа) урысшәалеи (аҭҵаарадырратә усумҭақәа).
2004 ш. рзы далгеит Тҟәарчалтәи 4-тәи абжьаратәи ашкол. Убри ашықәс азы дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет. Иреиҳау аҵараиурҭа даналга, 2009-2010 шш. рзы Аԥсны Арбџьар Мчқәа рҟны аррамаҵура дахысуан.
2011 ш. аусура дрыдыркылеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхи, археологиеи ркафедра аҟны. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны қәҿиарала аспирантура хиркәшеит (2013). 2012-2013 шш. рзы агазеҭ «Аԥсуа университет» аредактор хадас дыҟан, 2012-2019 шш. раан – Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы иатәу Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи аиҳабыс, 2018-2020 шш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистр ихаҭыԥуаҩс (2019 ш. инаркны – Аԥсны адемографиеи Аԥсадгьыл ахь ахынҳәреи рминистрра), 2020 ш. ииун 30 инаркны – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра арҵаҩы, ашьҭахь – ари акафедра арҵаҩы еиҳабыс. 2020-2022 шш. рзы – Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет апресс-маҵура анапхгаҩыс дыҟан.
2020 ш. раахыс иусура еилеигӡоит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт ажәытәӡатәи абжьаратәи ашәышықәсақәа рыҟәшаҿы, аԥхьа аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, ашьҭахь – аҭҵаарадырратә усзуҩыс дахьыҟоу. 2017 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа Адунеизегьтәи Аԥсуа-абаза Конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак далоуп, уи аусура далахәуп.
Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи рӡыргара хықәкыс иҟаҵаны раԥхьаӡа акәны аус рыдиулеит ихатә проектқәа – Аԥсуа телехәаԥшрала идырбаз аԥсышәала ихаҭа еиҿикааз атематикатә дырраҭарақәа рцикл, урҭ иреиуоуп: «Аамҭа ашьҭақәа», «Аамҭеи ахҭысқәеи», «Агәаанагара», «Ахьышьҭа», «Аҭоурыхтә ҭынха аԥеиԥш азы», «Ашьаҭамырӡга». 2010 ш. инаркны 2025 шықәсанӡа еиқәиршәеит адокументалтә фильмқәа 40 инарыцны, ателехәаԥшратә дырраҭарақәа ракәзар, 400 инареиҳаны.
2022 ш. акандидаттә диссертациа ихьчеит XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XIX ашәышықәса актәи азбжеи рзы Аԥсны аҭоурых афилософиа азҵаарақәа» атемала. Аԥсны аҭоурых иазкны алекциақәа дрыԥхьахьеит Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора ахьынхо: Сҭампыл, Адаԥазар, Сакариа, Диузџье ақалақьқәа рҟны.
20 инареиҳаны жәларбжьаратәи, 25 инарыцны аҭҵаарадырра-практикатәи конференциақәеи дрылахәхахьеит. Авторс дрымоуп Аԥсны аҭоурыхи аетнологиеи ирызкны 30 рҟынӡа астатиақәа.
Апоезиа дазҿлымҳахеит 14 ш. анихыҵуаз инаркны. 2013 ш. нахыс лассы-лассы иажәеинраалақәа рыла акьыԥхь аҟны дцәырҵуеит. Урҭ рнылоит алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара», ахәыҷтәы журнал «Амцабз», иара убас иажәеинраалақәа ргәылоуп апоетцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга «Аӡаӡа рыцқәа» (2015), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҭнажьуа алитераторцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга «Ашацкыра» (2009; 2011; 2016; 2023). Еиуеиԥшым атемақәа ирызку истатиақәа кьыԥхьуп ажурнал «Аԥсны аҟазара», алитературатә газеҭ «Аамҭа» рҟны.
Ашьыжьымҭақәа: аԥсышәала: Аԥсықәрамҩа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2018; урысшәала: Вопрос репатриации абхазской диаспоры в первые десятилетия XX в., Сухум, 2021; Сборник статей по истории и этнологии Абхазии. Сухум, 2025 г.


