Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Касланӡиа Валери Платон-иҧа



Касланӡиа Валери Платон-иҧа (23.11.1943, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа)  – аҧсуа поет. Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2018). Т.Шь. Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2016).  Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2003). Дыҩуеит аҧсышәала.

Иаб Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан дҭахеит, иаб иашьа, еицырдыруа актиор Леуарса Касланӡиа диааӡеит. Уи иҟнытә иоуз аныррала алитература дазҿлымҳахеит. Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхаруаа ршкол далгеит (1965) , иара убас А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет (1970). Асовет аррамаҵура дахысуан. Аусура далагеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны» аредакциаҿы, аҧхьа еиҭагаҩыс, нас алитературатә усзуҩыс. 20 ш. инареиҳаны аус иуит Аҧсны акультуреи аҭоурыхи рбаҟақәа рыхьчаразы агәыҧ (аусбарҭа) ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус иуеит «Аҧсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы» редакторс.

Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1961 ш. инаркны. Авторс дрымоуп ажәеинраалақәа, апоемақәа, апиесақәа еидызкыло ашәҟәқәа жәпакы. Аханатә еиҧш, иҩымҭақәа рнылоит ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа – Сухум», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны» уҳәа егьырҭгьы.

1989 ш. В.Касланӡиа ипиеса «Апҟа» шкәакәа» иалхны С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны аспектакль ықәдыргылахьеит. Ипиеса «Ахеилага» акәзар, иқәыргылан Шә. А. Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр аҟны (2012).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аҵәаҵлақәа шәҭуеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983; Амш хазына. Ажәеинраалақәеи алакәқәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1986; Алакә­ҧхыӡ. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1989; Анҷа­-кәынҷа. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Ацуфарақәа. Аҟәа – Маиҟәаҧ, 2004; Иҿыцбараху адунеи ҩаӡаҿ. Ажәеинраалақәа. Апоема. Алакәқәа. Апиесақәа. Аҟәа, 2010; Жьакәыр­гәымшәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011; Иалкаау. Ажәеинраалақәа, апоемақәа, ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи алакәқәеи, апиесақәа. Аҟәа, 2014.