Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Кәаӷәаниа Валентин Асҭамыр-иҧа



Кәаӷәаниа Валентин Асҭамыр-иԥа (13. 02. 1959, Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа) – аԥсуа фольклорҭҵааҩ, апоет, адраматург, алитературатә критик, апедагог. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (2010), Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент (2014), аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик (2019). Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху, аҭҵаарадырраҿы Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (2014). Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1997) ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла. Дыҩуеит аԥсышәалеи (асахьаркыратә ҩымҭақәеи аҭҵаамҭақәеи) урысшәалеи (астатиақәа).

Аҵара иҵон К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат (1995 шықәса инаркны – К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә лицеи-интернат) аҿы. Далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аурыс-аԥсуа ҟәша (1981), А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут (Москва) афольклор аҟәшаҿы аспирантура (1986), иара абраҟа ихьчеит акандидаттә диссертациа «Аԥсуа жәлар рашәа (Ажанрқәеи урҭ реиҿартәышьеи)» атемала. 1986 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа аус иуеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәшаҿы: аԥхьаӡа ҭҵаарадырратә усзуҩыс, анаҩсан (1997 ш. инаркны) – ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс, ашьҭахь (2011 ш. нахыс) – ҭҵаарадырратә усзуҩ нагас, 2018 ш. инаркны – ҭҵаарадырратә усзуҩ хадас. Аамҭаказы 1999 ш. инаркны 2014 ш. азынӡа, аҭҵаарадырреи арҵаҩреи еилагӡо, напхгара азиуан К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә лицеи-интернат. Ҩышықәса (2005–2007 шш.) редактор хадас даман ахәыҷтәы журнал «Амцабз». Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Аԥсуа литература акафедра дапрофессоруп, дрыԥхьоит еиуеиԥшым амаҭәарқәа ирызку алекциақәа. 2010 ш. ихьчеит адоктортә диссертациа «Аԥсуаа рҿаԥыцтә поезиа аиҿартәышьа» атемала. 2014 ш. раахыс Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы аус иуеит академик-маӡаныҟәгаҩыс.

Алитературеи афольклорҭҵаареи ргәыбылра шьҭихит ашкол данҭаз ашықәсқәа раан. В. М. Ҷыҭанаа напхгара ззиуаз алитературатә кружок далан. Уи акружоки Аԥсны аҳәынҭқарратә университет аҟны В. П. Анқәаб дызхагылаз астудентцәа ркружоки аиҿцаара бзиа рыбжьан.

 Кәаӷәаниа В.А. раԥхьатәи иажәеинраалақәа акьыԥхь рбеит 1974 ш. агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аҟны. Иҩымҭақәеи истатиақәеи рнылон ажурналқәеи («Алашара», «Аҟазара»), аизгақәеи («Ерцахә», «Ҽнак зны ааԥынраказ», «Ахаҵарашәа», «Аԥсуа поезиа антологиа» уҳәа) рҟны. Иҭижьит иажәеинраалақәеи истатиақәеи еидызкыло аизгақәа акымкәа-ҩбамкәа.

 1999 ш. ажурнал «Алашара» (№ 3) аҟны икьыԥхьын раԥхьатәи ипиеса «Абна лакә». Уаҟа еилаӡҩоит апоезиеи апрозеи, хархәара рызууп афольклортә естетикеи апоетикеи.

 В. А. Кәаӷәаниа ҵарауаҩк иаҳасабала ишьақәгылараҿы ирылдыршаз рацәоуп академикцәа С. Л. Зыхәба, Ш. Хь. Салаҟаиа. Данстудентыз ашықәсқәа рзы «Алашара» (1981, № 4) ианылеит раԥхьатәи иҭҵаарадырратә статиа «Ажәлар рыхьчаҩ ихаҿсахьа аԥсуаа рҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа рҿы».

Иаԥиҵеит 100 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәеи алитература-критикатә статиақәеи. Еиқәиршәеит аизгақәа: «Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа XII томкны. I атом: аџьа ашәақәа, ақьабзтә поезиа, аҭәҳәақәа, абзазаратә поезиа» (Аҟәа, 1992; аиҭаҭыжьымҭа – 2008); «Лакә-лакә сышнеиуаз... » (Аҟәа, 2010); «Аԥсуа фольклор ҩ-шәҟәыкны. Актәи ашәҟәы. Жәлар рпоезиа» (Аҟәа, 2013); «Аԥсуа фольклор ҩ-шәҟәыкны. Аҩбатәи ашәҟәы. Жәлар рыпроза (Аҟәа, 2013); «Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа XII томкны. XI атом. Ҳаамҭазтәи аԥсуа фольклор. (Еиқәыршәоуп А.Е. Ашәба далахәны)» (Аҟәа, 2017). Аџьабаа ибахьеит Т.Шь. Аџьба ирҿиамҭақәа ркьыԥхьреи рыҭҵаареи аус аҿы. Иҭижьхьеит апоет ишәҟәқәа: «Бзиала иаҳзырша. Амшынҵа» (аԥсышәалеи урысшәалеи) (Аҟәа, 1994); аԥхьажәеи азгәаҭақәеи рыцҵаны «Т. Аџьба. Иҩымҭақәа ҩ-томкны» (Аҟәа, 1999); «Т. Аџьба. Иалкаау. Ажәеинраалақәа, аиҭагақәа» (Аҟәа, 2011).

Кәаӷәаниа В.А. дравторуп В. Маан, Б. Шьынқәба, Т. Аџьба, М. Миқаиа, В. Аҵнариа, Б. Гәыргәлиа, Р. Қапба, Г. Аламиа, В. Касланӡиа, Л. Тәанԥҳа, И. Аҳашԥҳа, В. Ҷыҭанаа, А. Лагәлаа, И. Миқаиа, К. Симонов уҳәа аӡәырҩы ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа ирызку астатиақәа. Дреиуоуп 5-тәи, 6-тәи, 7-тәи аклассқәа ирызку Аԥсуа литература ахрестоматиақәа реиқәыршәаҩцәа.

2017 ш. ихҵан Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Ажурнал «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Адырраҭара» аредакциатә еилазаара далоуп, ажурнал «Алашара» аредактор хада дихаҭыԥуаҩуп.

Аҭыжьымҭақәа: асахьаркыратә ҩымҭақәа еидызкыло аизгақәа: Аамҭа аҳамҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983; Ажәҩан ԥсҭазаара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа 1986; Ииасхьоу амшқәа рашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1990; Ахаҳә ахьышьҭоу ихьанҭоуп (Иаҳхысыз аибашьра адаҟьақәа). Аҟәа, 1997; Абна лакә. Ажәеинраалақәеи апиесеи. Аҟәа, 2003; Ақьиареи аҳарамреи. Алакәқәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2008; Анацәкьарақәа рҭыӡшәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011; амонографиақәеи астатиақәа реизгақәеи: Аԥсуа жәлар рашәа (Ажанрқәеи урҭ рпоетикеи)». Аҟәа, 1995; «Аԥсуаа рдоуҳатә культура адаҟьақәа (Аҭҵаамҭақәеи, алитература-критикатә статиақәеи, аҿцәажәарақәеи)». Аҟәа, 1999; Хьӡи-ԥшеи змоу амҩа. Астатиақәеи афольклортә нҵамҭақәеи. Аҟәа, 2008; Аԥсуаа рҿаԥыцтә поезиа аиҿартәышьа. Аҟәа, 2010; Хәы змам адоуҳатә ҭынха (Аҭҵаамҭақәа. Алитература-критикатә статиақәа). Аҟәа, 2013; Аԥсуа фольклори алитературеи ирызку аетиудқәа. Аҟәа, 2014; Аамҭеи асахьаркыратә ажәеи (Аҭҵаамҭақәа. Афольклор-етнографиатә материалқәа). Аҟәа, 2017; Акәицқәа хәышҭаарамцаны иҟаларц. Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 2017.