Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Кәыҵниа Леуарса Бида-иҧа



 Кәыҵниа Леуарса Бида-иҧа (31.12.1912, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Аҭара ақыҭа – ииун, 1941, Белосток ақалақь Белоруссиатәи ССР (уажәы Польша иаҵанакуеит) – аҧсуа поет. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Аҭаратәи ашкол аҟны, ашьҭахь Аҟәатәи аҧсуа школ-интернат далгеит 1931 шықәсазы. Аамҭак азы Аахыҵ-Кавказтәи арҵаҩратә институт дҭан, нас Аҧсныҟа дхынҳәит. Аус иуан Аҧснытәи аҳәынҭҭыжьырҭаҿы, агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы. 1933 ш. Москватәи арҵаҩратә институт дҭалеит, аха аҩбатәи акурс аҟнытә А.М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт ахь диасит, дагьалгеит 1937 шықәсазы. 1938-1939 шш. рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан. 1939 ш. инаркны Асовет аррамаҵура дахысуан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) аан дҭахеит ажәыларақәа руак аҟны.

Ажәеинраалақәа иҩуан ашкол данҭаз нахыс. Раҧхьатәи иҩымҭақәа аизга «Еҵәаџьаа» ианылеит (1928). Уи агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» агәлаҵас иҭыҵуан.

Авторс дрымоуп апоемақәа «Шьаризан», «Даур», хыҧхьаӡарарацәала ажәеинраалақәа, ашәҟәқәа жәпакы. Иҩымҭақәа зныкымкәа ирнылахьан ажурнал «Алашара», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Еҵәаџьаа» уҳәа. Иажәеинраалақәа жәпаки ипоемақәа рцыҧҵәахақәеи анылеит «Аҧсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001;  аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009). Иажәеинраалақәа рыхәҭак аурысшәахь еиҭаганы икьыҧхьын «Аҧсуа поезиа антологиа» (урысшәала), М., 1958) аҟны.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Апоемақәа. Аҟәа, 1931; Атәыла ҿиоит. (Апоемақәа), Аҟәа, 1932; Шьаризан. Апоема. Аҟәа 1933; Аамҭа бзиа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1934; Даур Лагинба. Апоема, Аҟәа, 1936; Даур. Апоема. Аҟәа, 1939; Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1955; Ажәеинраалақәа, Аҟәа 1973; аурысшәахь аиҭагақәа: Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974.