Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Кәыҵниа Никәала Ҭарашь-иҧа



Кәыҵниа Никәала Ҭарашь-иҧа (13.03.1938, Аҧсны, Очамчыра араион Аҭара ақыҭа  – 23.11.2020 ) – аҧсуа поет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ. СССР-и (1979), Аҧсни, Урыстәылеи (1999) рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Аҭара, нас – Аҟәатәи абжьаратәи аҧсуа школқәа рҟны. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭеи (1959) А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә инстиути (1964), А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институти дрылгеит. 1960 ш. инаркны аус иуан Аҧсуа радио адикторс. 1984 ш. нахыс – 2004 ш. рзынӡа – ажурнал «Алашара» аредактор хадас, 2004 ш. инаркны 2010 ш. рзынӡа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан.

Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1955 ш. инаркны. Ирҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Аҧсны», «Советская Абхазия», «Республика Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва); аизгақәа «Ерцаху», «…Памятник нам сыновей не заменит…», «Стихи и песни» (Аҟәа, 1994), «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа, Астатиақәа. – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи» (Аҟәа - Сухум, 1995), Нхыҵкавказтәи ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа реизга «Война длиною в жизнь» (М.., 2007) уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа жәпакы агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа ХХ ашә.» (Аҟәа – Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009).

Иҭижьит 20 инареиҳаны ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, аповестқәеи, ароманқәеи, афоризмқәеи еидызкыло ашәҟәқәа.

Н. Кәыҵниа дырдыруан иара убас еиҭагаҩны. Аҧсшәахь еиҭеигеит аурыс, аукраин, ақырҭуа, аерман уҳәа ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы рырҿиамҭақәа. Урҭ иреиуоуп: А. С. Пушкин, Н. А. Некрасов, А. А. Блок, К. М. Симонов, Е. А. Евтушенко, Р. И. Рождественски, А. А. Вознесенски, Ҟ. Ш. Кулиев, Е. Межалаитис, Р. Г. Гамзатов уҳәа ражәеинраалақәа. Хазы шәҟәны иҭижьхьеит Г. Табиӡе иажәеинраалақәа реизга, Ч. Амиреџьиби ироман «Даҭа Ҭуҭашхьиа», Л. Н. Толстои иповест «Иван Илиа-иҧа иҧсра», И. С. Тургенев иповестқәа реизга «Раҧхьатәи абзиабара», И. Бунин иповестқәеи иажәабжьқәеи, Г. Маркес иповест «Ирылаҳәаз ауаҩшьра аҭоурых ахроника», Д. Гурамишвили – «Давиҭиани» аҟнытә ахқәа, Ф. Шиллер, У. Шекспир ртрагедиақәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Сара сҽыжәлоит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1964; Сиеҵәахә кыднаҵ. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1966; Аҿаҩақәа рҿыхара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1967; .Арҭ ашықәсқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969; Акырцх ашьҭахь. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1970; Сықәуп сара адгьыл. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1972; Ажәҩан саркьа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1973; Иахьагьы, уаҵәгьы, уаҵәашьҭахьгьы. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1974; Аҿа анҩеиуа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1976; Аҿыхара. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1978; Аныҳәа. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1979; Егры инаркны Ԥсоунӡа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1981; Аӡиас. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1983; Наунагӡа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985; Агәырԥса. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1987; Аҿахәы. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1988; Алашә иблақәа аныхты. Ароман. Аҟәа, 1990; Арагәаԥшь. Афоризмқәеи агәҭахәыцрақәеи. Аҟәа, 1999; Аԥшатлакә. Ароман. Аҟәа, 2000; Арагәаԥшь. Афоризмқәа. Аҩбатәи ашәҟәы. Аҟәа, 2003; Аҩымҭақәа реизга. Жәа-томкны. Актәи атом.Ашьа ицаша. Ароман. Аҟәа, 2003; Аҩбатәи атом.Алашә иблақәа аныхты. Ароман. Аҟәа, 2005; Ахԥатәи атом.  Ароманқәа. Аповестқәа. Аҟәа, 2006; Аԥшьбатәи атом.Ажәабжьқәа. Аповестқәа. Аҟәа, 2007; Ахәбатәи атом.Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2007; Афбатәи атом.Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2007; Абыжьбатәи атом.Аҿҳәара. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. 2009; Аабатәи атом.Аҵх алԥха. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2009; Ажәбатәи атом.Икнырхыз асаркьал. Ажәеинраалақәа. (2005 – 2006). Аҟәа, 2010; Ажәабатәи атом.Арагәаԥшь. Афоризмқәа. Аҟәа, 2011. Ацҳа кнаҳа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008; аурысшәахь аиҭагақәа: В ожидании чуда. Стихи. М., 1974; Праздник. Повести и рассказы. – М., 1988.