Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ладариа Светлана Фиридон-иԥҳа



Ладариа Светлана Фиридон-иԥҳа (21.10.1959, Аҟәа ақалақь, Аԥсны) – аԥсуа поетесса, апублицист. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2025) Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи (2013) дрылоуп. Дыҩуеит аԥсышәала.

1966-1976 шш. раан аҵара лҵон Очамчыра араион Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. 1981 ш. далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи анемец бызшәеи алитературеи рзаанаҭ ала.

1986 ш. март инаркны иахьа уажәраанӡа аус луеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҿы: аԥхьа корректорс, ашьҭахь – редакторс, редактор хадас. 1997 ш.  раахыс – еилагӡарала еиҭагаҩс дыҟоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы,  2008 ш. раахыс – Аԥсны Аиҳабыра Реилазаара аппарат аҟны.

Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1980 ш. инаркны. Лпоезиатә рҿиамҭақәа рнылон алитература-сахьаркыратә журналқәа «Алашара», «Аҟәа-Сухум», ахәыҷтәы журнал  «Амцабз», агазеҭқәа: «Акоммунизм ахь» «(Ерцахә»), «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны». Лажәеинраалақәа ргәылоуп алитераторцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга «Еҵәаџьаа» (1980), аизга «Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит» (2015), «Аԥсуа поезиа антологиа» XX ашә. 2-тәи атом. (Аҟәа – Москва, 2001, аиҭаҭыжьымҭа – 2009). Иара убас еиуеиԥшым атемақәа ирызкны апериодикатә кьыԥхь ианылахьеит лстатиақәа жәпакы.

Иланашьоуп Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла апремиа (2013), Аинформациатә агентра Sputnik «Аԥсны» аҟны лусуразы иланашьоуп Амедиагәыԥ «Россия сегодня» аҟнытә Аҳаҭыртә шәҟәы (2024).

Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Аҵх. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1989; Ҵхагәанынӡа шьаҿак. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2012; Иацы. Иахьа. Аамҭақәа реихысырҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2025.